Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лаша Ашәба урыстәылатәи апарламент алахәылацәа рымш рыдиныҳәалеит Володини Матвиенкои

© Sputnik / Томас Тхайцук Лаша Ашуба
Лаша Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла апарламент алахәылацәа рымш азгәарҭуеит мшаԥы 27 азы. 1906 шықәсазы ари амш аҽны аусура иалагеит Урыстәылатәи аимпериа Аҳәынҭқарратә Дума - урыстәыла аҭоурых аҟны раԥхьатәи адемократиатә институт.
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба урыстәылатәи апарламент алахәылацәа рымш рыдиныҳәалеит Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенкои Аҳәынҭдума аиҳабы Виачеслав Володини, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс" амаҵзура.

Адныҳәалара аҟны иазгәаҭоуп Афедерациа Ахеилаки Аҳәынҭдумеи аҵак ҷыда шрымоу аҳәынҭқарра аҿапхьа иқәгылоу ахыдҵақәа рынагӡареи атәылауаа ринерессқәа рыхьчареи рыҟны.

Жәлар Реизара аиҳабы иколлегацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит русеицуразы, иазгәеиҭеит аԥхьаҟагьы дшазхиоу ренырразы.
Лаша Ашәба Валентина Матвиенкои Виачеслав Володини ирзеиӷьеишьеит аманшәалареи ақәҿиарақәеи аҳәынҭқарратә усураҟны.
Заседание Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Аԥсны
Аԥсны Апарламент аилакқәа рхантәаҩцәа алырхит
Ажәабжьқәа зегьы
0