Британиеи ЕАА-еи рҵакыраҟны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" амҩаԥгара азин ыҟам

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкция "Бессмертный полк" в Москве
Акция Бессмертный полк в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2022
Анапаҵаҩра
Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥыргоижьҭеи жәашықәса иреиҳауп, Аԥсны агәалашәаратә мҩасра раԥхьаӡакәны имҩаԥган 2016 шықәсазы.
АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Британиеи Еиду Америкатәи аштатқәеи рҵакыраҟны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" амҩаԥгара азин ыҟам, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит акциа аԥшьгаҩ, аинрал-полковник, Иԥшьоу Гьаргь иорден IV аҩаӡара занашьоу Сергеи Макаров. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Британиа ду акциа амҩаԥгара акәым, Лондон игылоу абаҟа аҿаԥхьа ашәҭышьыҵәрақәа рышьҭаҵара азин ыҟам. Ирландиагьы акциа амҩаԥгаразы иҟаз азин мап ацәкуп, иџьоушьаша, Ҟазахсҭан анапхгарагьы агәалашәаратә акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" амҩаԥгара иазыразым. Еиду Аштатқәа рҟны агәалашәаратә мҩасра "Ԥсра зқәым архәҭа" амҩаԥгареи амемориал "Дух Ельбы" аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵареи азин ыҟам", - иҳәеит иара.

Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" - уаажәларратә акциоуп, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыраз имҩаԥыргоит Урыстәылеи аҳәаанырцә ааигәеи аҳәаанырцә хареи. Раԥхьаӡа акәны акциа мҩаԥган 2012 шықәса рзы Томск аҭыԥантәи ажурналистцәа раԥшьгарала. Усҟан ф-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра ақалақь амҩа хадахь икылсит Аибашьра Ду алахәылацәа рфотосахьақәа рыманы.
Ажәабжьқәа зегьы
0