Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қәҭелиа атом-классқәа раартразы: ахәыҷқәа аҵаразы гәазыҳәарак роуп ҳәа ҳаԥшуп

Қәҭелиа атом-классқәа раартразы: ахәыҷқәа аҵаразы гәазыҳәарак роуп ҳәа ҳаԥшуп
Анапаҵаҩра
Тамшьи Тҟәарчали абжьаратә школқәа рҿы иаартуп атом-классқәа. Ауаажәларра рымадаразы аҵара аминистрра аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аклассқәа рҟнытә алҵшәа ҳәа иззыԥшу, апроект ацҵара алыршахома.
Қәҭелиа еиҭеиҳәеит араионтә школқәа рҿы аклассқәа раартра шымҩаԥысыз атәы иҳәеит азҿлымҳара бзиа шамаз.
"Зегьы иазгәарҭон ари шҳамҭа дуу. Аклассқәа рҿы имҩаԥугар ауеит афизика, аматематика, аинформатика, ахимиа аурокқәа. Дара иаҭаху маругалеи маҭәахәылеи еиқәыршәоуп. Ҵаҩыцыԥхьаӡа аноутбук имоуп. Иахьатәи аамҭазы адунеи зегьы аҿы 63 класс аартны иҟан, Тҟәарчали Тамшьи иаадыртыз нацҵаны 65 ҟалеит. Урҭ аклассқәа зегьы дара-дара еидҳәалазаауеит. Зҽалызкаауа аҵаҩцәа ироуеит алшара "Орлионок" ахь ԥсшьара ацара. Ас еиԥш аклассқәа аныҟала аамҭазы аҵаҩцәа аҵаразы гәазыҳәарак роуп ҳәа ҳазыԥшуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәҭелиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0