Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа жәлар рҵеи лаша Нестор Лакоба дыргәаладыршәеит Гәдоуҭа

© SputnikПамять абхазского политического деятеля Нестора Лакоба почтили в Гудауте
Память абхазского политического деятеля Нестора Лакоба почтили в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи аусзуҩы, ареволиуционер Нестор Лакоба диит лаҵара 1 1893 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.
Гәдоуҭа, лаҵара 1 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны еицырдыруа аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы, аԥсуа жәлар рҵеи лаша Нестор Лакоба игәалашәара аҳаҭыр азы, Гәдоуҭа ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Анаҩс имҩаԥган амитинг ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Аусмҩаԥгатә иалахәын араион ахадара, араионтә еизара адепутатцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ашколхәыҷқәа.
© SputnikАԥсуа жәлар рҵеи лаша Нестор Лакоба дыргәаладыршәеит Гәдоуҭа
Память абхазского политического деятеля Нестора Лакоба почтили в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2022
Аԥсуа жәлар рҵеи лаша Нестор Лакоба дыргәаладыршәеит Гәдоуҭа
Амитинг рхы аладырхәит афонҿыцтәи ахәыҷбаҳча аҟынтәи ахәыҷқәа. Амилаҭҭә шәҵатәыла еилаҳәаз ахәыҷқәа Нестор Лакоба ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит, анаҩс инарыгӡеит Аԥсны агимн ашәа, ирыԥхьеит жәеинраалақәеи аполитик иҭоурых аҟынтәи ацыԥҵәахақәеи.
Нестор Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рықәгылараҿы иазгәарҭеит, аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы Лакоба иааникылоз аҭыԥ, иара убас ирыԥхьеит аԥсуа револиуционер изкны ҳшәҟәыҩҩцәа иаԥырҵахьоу ажәеинраалақәа.
Гдоуҭатәи абыргцәа рхеилак аиҳабы Сергеи Чаквитаӡе Sputnik акорреспондент даниацәажәоз иҳәеит, аԥсуа жәлар ҳзын ишнасыԥ дууз Нестор Лакоба иеиԥш иҟаз аполитик дахьҳамаз.

"Усҟантәи аамҭазы иара иҩыза аԥхьагылаҩ дахьҳамаз, жәаҳәарада ҳажәлар рзы ихәарҭа дуун. Иара аамҭа кьаҿк иалагӡаны ажәлар рзын илшаз рацәоуп. Аҭоурых аҟны, ашәҟәқәа агазеҭқәа рыҟны иара инысмҩа ахьану рацәоуп, иагьшьақәырӷәӷәоуп Бериа иҩны ашҳам иҭаны дышшьыз", - иҳәеит Чаквитаӡе.

Чаквитаӡе иазгәеиҭеит Нестор иҭархара аԥсуа жәлар зегь рзы ишхлымӡааххыз. Иара агәра ганы дыҟоуп, Лакоба даҽа шәабаҟа шықәса иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы, Аԥсны аҭоурых даҽакала аҿиара шаиуоз.
Иара убасгьы иҳәеит, Нестор Лакоба анышә дахьамадоу иахьа уажәраанӡагь ишырзымдыруа. Чакветаӡе иазгәеиҭеит уи аганахь ала гәҩарақәак шрымоу, аха макьана ишышьақәырӷәӷәам.
С любимой женой Сарией - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2022
Аԥсны
Жәлар рыбзиабаҩ: Нестор Лакоба диижьҭеи 129 шықәса ҵит
Нестор Лакоба Аԥсны аҭоурых аҟны даанхоит иналукааша аҳәынҭқарратәи, аполитикатәи, ауаажәларратә усзуҩын. 1921 шықәса рзы, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, Нестор Лакоба активла аԥсҭазаара ҿыц аҽалархәра нап аиркит. Уи еснагь аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа рҟны аиҳабыратә маҵзурақәа ныҟәигон.
Жәабран 17, 1922 рзы Лакоба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Ԥхынҷкәын 28, 1936 шықәсазы Лавренти Бериа Нестор Лакоба Қарҭҟа ааԥхьара иҭаны, иҩны днаганы ашҳам иҭан дишьит. Мызқәак рнаҩс "ажәлар раӷа" ҳәа рылеиҳәеит.
Иосиф Сталин данԥсы ашьҭахь ихьӡ риашан, 1959 шықәсазы Аҟәа иқәдыргылеит ибаҟа. Иахьа уажәраанӡагь еилкааӡам анышә дахьамадоу аҭыԥ.
Ажәабжьқәа зегьы
0