Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сақаниа амилаҭтә галереиа аԥхынтәи аусура иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сақаниа амилаҭтә галереиа аԥхынтәи аусура иазкны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭкарратә асахьатә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит, сынтәа агалереиа ҟалараны иахьыҟоу аҭыԥ аҿы ишазгәаҭоу ацәыргақәҵақәа.
Аҳәынҭкарратә асахьатә галереиа ахыбра ҟаларына иахьыҟоу имҩаԥган арыцқьарақәа. Уи иаднаԥхьалеит имаҷымкәа ауааԥсыра ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы агалереиа аиҳабы Сурам Сақаниа.
"Ари ҽнакала арыцқьара уадаҩуп, иакәшаны абна гылеит. Ари зегьы ықәгатәуп. Аусура иацҵахоит иааиуа амшқәа рзгьы", - иҳәеит Сақаниа.
Аҟаза игәалаиршәеит ҵыԥх арыцқьара ашьҭахь ишалыршахаз ацәыргақәҵа аиҿкаара.
"Уи азҿлымҳара бзиа аман. Ауаажәларра иргәаԥхеит. Аиаҵәақәа кыдлахьан ажәҩан аҿы, аха зегь акоуп ауаа ааиуан, иахәаԥшуан ацәыргақәҵа. Шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә аусурақәа азҵаара аӡбаразы аҳәынҭкарра иамам алшара, аха уаҟа аусура аиҿкаара алыршахоит ҵыԥх мышктәи ацәыргақәҵа шҳамаз еиԥш. Ҳгәы иҭоуп сынтәа акымкәа-ҩбамкәа акциақәа рымҩаԥгара. Аԥхьа ААУ асахьаҭыхратә ҟәша астудентцәа русумҭақәа рыла, нас изҭаху асахьаҭыхыҩцәа. Аԥсуа жәлар агәцаракра рымоуп аҟазара аизҳаразы", - ҳәа иҳәеит Сақаниа.
Асабшатәи аусура иаҳнарбеит ауаа ишааиуа, ишрылаҵәаз, иаҳҭахуп анаҩсгьы ас еиԥш адгылара ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәара ахыркәшамҭаз Сурам Сақаниа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0