Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Гәдоуҭа Иҿымцәаауа амца аиркит

© SputnikПразднование дня Победы в Гудауте
Празднование дня Победы в Гудауте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Анапаҵаҩра
Акциа "Агәалашәара амца" аҳәаақәа ирҭагӡаны асабша лаҵара 7 азы Москвантәи Аԥсныҟа иааргеит Иҿымцәаауа амца аҟәырҷаха.
АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Рубен Керопиан Гәдоуҭа Иҿымцәаауа амца аиркит.
Рубен Керопиан - Гәдоуҭа араион аҟны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рҟынтәи зыԥсы ҭаны иаанхаз иара аӡәзаҵәык иоуп. Афронт ахь дцеит 17 шықәса аныихыҵуаз, Украинатәи актәи афронт даланы Белоруссиа деибашьуан.

"Аныҳәа шәыдысныҳәалоит, аҿар! Еибашьра ҟамлааит, аҭынчԥсҭазаара ҳԥеиԥшзааит", - иҳәеит аветеран Аиааира Ду амш рыднынҳәало.

Акциа "Агәалашәара амца" аҳәаақәа ирҭагӡаны асабша лаҵара 7 рзы Москвантәи Аԥсныҟа иааргеит Иҿымцәаауа амца аҟәырҷаха. Аиааира Ду амш аҽны, Аԥсны араионқәа зегь рҟны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз афырхацәа рбаҟақәа рҿы инаганы иадыркит.
Ашьыжь лаҵарамза 9 аҽны Гәдоуҭа шәҩыла рхы аладырхәит "Ԥсра зқәым архәҭа" акциа.
Аԥсны иахьазы инхоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеранцәа 20-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0