https://sputnik-abkhazia.info/20220509/bzhania-asny-zhlari-aveterantsei-aiaaira-du-amsh-rydeinyaleit-1039022806.html
Бжьаниа Аԥсны жәлари аветеранцәеи Аиааира Ду амш рыдиныҳәалеит
Бжьаниа Аԥсны жәлари аветеранцәеи Аиааира Ду амш рыдиныҳәалеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны игаз аиааира 77-шықәса ахыҵра рыдеиныҳәалеит. Абри... 09.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-09T11:26+0300
2022-05-09T11:26+0300
2022-05-09T11:54+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аслан бжьаниа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/19/1038298279_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_6681599068680e3597b9f43f7b3c41aa.jpg
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны игаз аиааира 77-шықәса ахыҵра рыдеиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада исаит.Инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аиааира амш ҳзааигәатәуа, уи абара иахьымӡаз, аибашьра хлымӡаах иалаӡыз ргәалашәара шҳхамышҭуа."Шәара шәоуп изызку ҳәаа змаӡам шәфырхаҵареи шәпатриотизми рзы иреиӷьу аџьшьарақәа. Шәарҭ еизҳауаз егьырҭ абиԥарақәа идшәырбеит акзаара, агәымшәара, ахачҳара ду, Аҧсадгьыл абзиабара рҵакы. Аибашьра иалахәыз Ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа хьӡырҳәагақәеи аӷа иҿагыланы ақәԥараҟны хамеигӡарада урҭ ирыцхраауаз зегьи ирыбзоураны иалыршахеит Аиааира. Еиқәырхан, ихьчан Аԥсадгьыл еиԥш, адунеи зегьы", - иҳәеит Бжьаниа.Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20220509/putin-bzhaniei-asny-iynkho-azhlari-aiaaira-du-amsh-rydeinyaleit-1039021795.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/19/1038298279_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_ac74148adfbf2f92829c565713919e96.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
Бжьаниа Аԥсны жәлари аветеранцәеи Аиааира Ду амш рыдиныҳәалеит
11:26 09.05.2022 (ирҿыцуп: 11:54 09.05.2022) АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны игаз аиааира 77-шықәса ахыҵра рыдеиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада
исаит.
"Иага аамҭа царгьы, Аиааира Ду аҵакы еицакра ақәым, иаарԥшыз афырхаҵара - аамҭа иазырҩашьом, ԥсра-ӡра ақәым. Ҳара есқьынгьы ҳазыгәдуны иаҳгәалаҳаршәоит ҳауаажәлар аӷа хәымга иҭархараҟны ирылшаз. Ҳџьынџьуаа рыхьӡқәа хьтәы нбанла асовет жәлар анацизм иаҿагыланы рықәԥараҟны иаадырԥшыз рфырхаҵаратә шықәсҩыра иануп", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аиааира амш ҳзааигәатәуа, уи абара иахьымӡаз, аибашьра хлымӡаах иалаӡыз ргәалашәара шҳхамышҭуа.
"Шәара шәоуп изызку ҳәаа змаӡам шәфырхаҵареи шәпатриотизми рзы иреиӷьу аџьшьарақәа. Шәарҭ еизҳауаз егьырҭ абиԥарақәа идшәырбеит акзаара, агәымшәара, ахачҳара ду, Аҧсадгьыл абзиабара рҵакы. Аибашьра иалахәыз Ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа хьӡырҳәагақәеи аӷа иҿагыланы ақәԥараҟны хамеигӡарада урҭ ирыцхраауаз зегьи ирыбзоураны иалыршахеит Аиааира. Еиқәырхан, ихьчан Аԥсадгьыл еиԥш, адунеи зегьы", - иҳәеит Бжьаниа.
Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.