Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ԥсра зқәым архәҭа", амитинг, аконцерт": Гагра араион аҟны Аиааира Ду амш азгәарҭеит

© Foto / предоставила Саида Жиба Празднование парада Победы в городе Гагра
Празднование парада Победы в городе Гагра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Анапаҵаҩра
Иахьа шьыжьы аахыс ақәа шауазгьы, Гаграа Аиааира Ду амш иазкны иазԥхьагәаҭаз аусмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәит. Шәҩыла ауаа абаҟақәа рахь инеит.
Аиааира Ду амш ныҳәа иазкыз аусмҩаԥгатәқәа хацаркхеит Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Адамур Ҵышәба аибашьра Ду аветеран Алексеи Иагупа ииҭаз иҿымцәаауа амца Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан аркра ала.
© Foto / предоставила Саида Жиба аибашьра Ду аветеран Алексеи Иагупа
Празднование парада Победы в городе Гагра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
аибашьра Ду аветеран Алексеи Иагупа
Ацәаҳәа иқәгыланы, Гагра ақалақьтә школхәыҷқәа Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аҟны иҭахази иалахәызи аветеранцәа рфотосахьақәа рыманы амҩаду ианысит. Аҵыхәтәантәи раанҿасырҭа Идырым асолдаҭ ибаҟа акәын. Уантәи дара араион анапхгареи, адепутатцәеи, Гагра араион иаҵанакуа ақалақь Пицундеи, ақыҭақәеи рхадацәеи, анаплакқәа аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи, ауаажәларреи, араион иаҭааз асасцәеи рцәаҳәа иахәҭакны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Идырым асолдаҭ ибаҟеи уи иавагылоу Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ражден Барцыц ибиусти рҿаԥхьа.
© Foto / предоставила Саида Жиба Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ражден Барцыц ибиуст
Празднование парада Победы в городе Гагра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ражден Барцыц ибиуст
Араҟа иазԥхьагәаҭаз амитинги аконцерттә программеи рымҩаԥгара ақәаршыҩ иалнамыршеит. Аха зегь акоуп еизаз ажәлар Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Адамур Ҵышәбеи, араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭан Агрбеи, Гагра араион арратә комиссар ицхырааҩ Руслан Барцыци иахьатәи аныҳәа ду рыдырныҳәалеит.
"Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, ҳаҭыр зқәу Гаграа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аиааира Ду 77 шықәса ахыҵра. Асовет жәлар реидгылара, раӡәкра иалҵшәахеит ари ашьа зхьыршу, аха ҵҩа змам агәырӷьара зцу амш. Ҳарҭ иаҳуалуп иҳашьҭанеиуа абиԥарагьы ҳҭоурых иаларсу Аиааира Ду амш аҵакы рызнагара. Хашҭра рықәым аибашьра зыԥсы ахҭнызҵаз афырхацәа. Хашҭра рықәым аибашьра ашьҭахь зыдунеи зыԥсахыз аветеранцәа. Шықәсы рацәала иҳагымзааит иахьа зыԥсы ҭаны иҳалагылоу ҳбыргцәа хьӡырҳәагақәа", - иҳәеит иқәгылараҿы Адамыр Ҵышәба.
© Foto / предоставила Саида Жиба Гагра араион аҟны Аиааира Ду амш азгәарҭеит
Празднование парада Победы в городе Гагра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Гагра араион аҟны Аиааира Ду амш азгәарҭеит
Ашәҭшьҭаҵара ашьҭахь еизаз алшара рыман адәахьтәи акҿаҩраҿы ақашьи арратә шә-гарммки ргьама абара.
Аконцерттә программа ииаган акультура аҩны ахыбрахь.
Ԥсра зқәым аполки, ашәҭшьҭаҵареи, амитинги мҩаԥган Бзыԥҭагьы. Аҳабла ахада Едгар Кьетиа аныҳәахь иааԥхьаз, Бзыԥҭа зыԥсы ҭаны инхаз шәышықәса ирҭагылоу Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аветеран, Кавказ ахьчара иалахәыз Аикарам Тигран-иԥа Манукиан лымкаала дидныҳәалеит. Изеиӷьаишьеит агәабзиара цқьеи ақәранҵыреи.
Аикарам Манукиан аррахь иԥхьеит Ермантәылантәи. 1942 шықәсазы иара диаргоит Аԥсныҟа, хықәкыла Аҟәаҟа. 91-тәи абригада, 40-тәи хазы иҟаз абаталион аҟны ирратә уалԥшьақәа наигӡон.
"Ҳарҭ атыл иацхраауазгьы имаҷымкәа ауадаҩрақәа ҳхаҳгеит. Амлеи, ахьҭеи, ачымазареи, аԥсҭбареи ҳариааны афронт ацхыраара аҳҭон. Клухортәи акаҵәарантә аҽқәа рыла аџьаԥҳаны рзаҳгон аӷа иҿагылаз ҳаибашьцәа", - ҳәа азгәаиҭоит аветеран.
Аикарам Манукиан Гагра араион ахадареи, Бзыԥҭа аҳабла анапхгарери рыхьӡала аԥаратә ҳамҭа иҭан.
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду Бзыԥҭантәи иалахәын 350-ҩык, урҭ рахьтә 127-ҩык ҭахеит. Дыхьӡырҳәаганы наунагӡа ҳҭоурых адаҟьақәа рҟны дынхоит Бзыԥаа рҵеи Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы зыхҵаз Иасон Басиаҭ-иԥа Кәакәасқьыр.
© Foto / предоставила Саида Жиба Гагра араион аҟны Аиааира Ду амш азгәарҭеит
Празднование парада Победы в городе Гагра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Гагра араион аҟны Аиааира Ду амш азгәарҭеит
Зынӡа Гагра араион аҟынтәи афронт ахь ицеит 11 677-ҩык, 2 252-ҩык ишьаарҵәыраз аидысларақәа рҟны фырхаҵарыла иҭахеит. Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы Гагра араион аҟынтәи иаԥсахеит Ражден Барцыц, Иасон Кәакәасқьыр, Арутиун Мелетиан, Мигран Бостанџьиан, Витали Попков иакәзар ҩынтә ари ахьӡ ҳаракы ихҵан.
Иахьазы ҳраион аҟны зыԥсы ҭаны инхаз ааҩык аветеранцәа роуп.
© Foto / предоставила Саида Жиба Гагра араион аҟны Аиааира Ду амш азгәарҭеит
Празднование парада Победы в городе Гагра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Гагра араион аҟны Аиааира Ду амш азгәарҭеит
Гагра араион иқәынхоз аҭынчуаа рлагала ӷәӷәоуп ари аибашьраҟны. Амшынеиқәатә ԥшаҳәаҟны дара ахырӷәӷәарҭатә ҭыԥқәа рыргылара иалахәын. Афронт азы еизыргон афатә, амаҭәа. Арратә ӷбақәеи, аҳаирпланқәеи, атанкқәеи реибыҭаразы еизыргон аԥара. Гагратәи агоспитальқәа рҿы 200 нызқьҩык Асовет солдатцәа ршьапы иқәыргылан.
Ажәабжьқәа зегьы
0