Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Арсалиаԥҳа Аиааира Ду амш иазку ацәыргақәҵазы: аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара иахықәкуп

Арсалиаԥҳа Аиааира Ду амш иазку ацәыргақәҵазы: аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара ахықәкуп
Анапаҵаҩра
"Аиааира амш лаӷырӡыла икәабоу аныҳәа" захьӡу ацәыргақәҵа аатит Аҟәа лаҵара 9 рзы Аиааира амшныҳәа аҽны. Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа еиҭалҳәеит иарбан усумҭақәоу иӡыргоу.
Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иӡыргоуп XX ашәышықәса иатәу еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа, уи аартызаауеит лаҵара 15 рҟынӡа.
"Ари ацәыргақәҵа еиднакылеит еиуеиԥшым аусумҭақәа. Иааидкыланы ҳрылацәажәозар, иуҳәар ауеит, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа 1930-тәи ашықәсқәа инадыркны Аԥсны аибашьра ҟалаанӡа ашықәсқәа рҟынӡа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иадҳәаланы лымкаала иҟарҵаз аусумҭақәа роуп. Иаҳҳәап, еицырдыруа, илегендоу Мери Аҩӡԥҳа лпатреҭ Осиа Сегаль иҩҩит 1938 шықәсазы, усҟан лара дқәыԥшын. Иҟоуп еицырдыруа ашәҟәыҩҩ, асахьаҭыхыҩ Гаргь Есыф - иԥа Гәлиа иусумҭа 1944 шықәсазы иаԥҵан. Ҳәарада, иҟоуп аныҳәа иазку, аибашьра аветеранцәа рпатреҭқәа. Абас ҳахәаԥшуазар 1970-1980 шықәсқәа инаркны иахьа уажәраанӡа афилософиатә жанр иазааигәоу, иаҳа аметафора иазааигәоу аусумҭақәагь ӡыргоуп", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ацәыргақәҵа хықәкыс ишамоу аҟазарала аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0