Михаил Шуфутински агоспиталь ишьҭоу арратә операциа алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгылеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМузыкальный фестиваль "Легенды Ретро FM"
Музыкальный фестиваль Легенды Ретро FM - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Анапаҵаҩра
Акциа "Адунеи аҿы иреиӷьу аибашьцәа" иалахәуп еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа, амузыкантцәа, акультура аусзуҩцәа. Зҽызхәшәтәуа аибашьцәа ргәашьамх шьҭырхуа, рҿаԥхьа иқәгыло урҭ адгылара шрырҭо рҳәоит.
АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik. Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Михаил Шуфутински арратә операциа алахәылацәа рҿаԥхьа Бурденко ихьӡ зху арратә агоспиталь хадаҿы дықәгылеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит аманшәалареи агәабзиареи. Ҳтәыла зегь аиԥш, сыуа-сҭахыра зегь реиԥш ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Шәҿаԥхьа ҳхырхәоит", - ҳәа иҳәеит Шуфутински аррамаҵзурауааи амедусзуҩцәеи рахь ихы нарханы.
Адныҳәалара ашьҭахь ашәаҳәаҩ еицырдыруа иашәақәа неигӡеит.
Арҿиаратә хәылԥазы Атәылахьчара аминистрра иаланарҵәаз акциа "Адунеи аҿы иреиӷьу аибашьцәа" иахәҭакуп. Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа, амузыкантцәа, акультура, аспорт, аҭҵаарадырра русзуҩцәа аррамаҵзурауаа рҿаԥхьа иқәгылоит.
Шуфутински идагьы ахәрақәа рышьҭахь ахәшәтәырҭақәа ирҭоу аррамаҵзурауаа рҿаԥхьа иқәгылеит аиашахаҵаратә хор "Пересвет" асолистцәа, ашәҟыҩҩы Олег Рои.
Ажәабжьқәа зегьы
0