Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ахадараҿ акурорттә сезон аҽазырхиара иалацәажәеит

© Foto / официальный сайт Администрации города Сухум Состоялось совещание, посвященное подготовке к курортному сезону
Состоялось совещание, посвященное подготовке к курортному сезону - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2022
Анапаҵаҩра
Атәылақәа жәпакы рҳәаақәа ахьарку инахьырԥшны Аԥсны урыстәылатәи атуристцәа хыԥхьаӡара рацәала ирзыԥшуп.
АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа аилацәажәара мҩаԥигеит акоммуналтә маҵзурақәа рнапхгаҩцәа алархәны, акурорттә сезон аҽазыҟаҵара азҵаарақәа рганахь ала. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.

"Ақалақь аҿы ирацәоуп ауадаҩрақәа, аха аԥхынтәи аԥсшьараамҭа аламҭалаз еиҳа аус ҩ-напыкла ирӷәӷәалатәуп, аԥсшьаҩцәа ара рхы бзианы ирбаларц, рышьҭахьҟа ианыгьыжьуагьы ҩаԥхьа аара ргәаԥхо иҟаларц", - иҳәеит Леон Кәарҷиа.

Раԥхьа иргыланы Кәарҷиа азхьаԥшра аиҭеит агәамсам ианаамҭоу ақәгара ауадаҩра. Анхарҭа комуналтә усбарҭа адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба иҳәеит ари аус иадҳәалоу амаҵзурақәа ирылшо шыҟарҵо, аха аҭагылазаашьа атехника ҿыц аахәара ашьҭахь шакәу еиӷьхар анауа.
Аҩӡба иажәақәа рыла, хара имгакәа аплиажтә зона аиҿкаара иалагоит. Уажәнатә ирылагахьеит ақәаршыҩцарҭақәеи амшын ахь анеирҭақәеи ррыцқьара.
Аусбарҭа "Горстрой" аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа иҳәеит акурорттә сезон аламҭалаз аплафонқәа рыԥсахреи абаҟәқәа реиҭашьақәыргылреи ишрылагахьоу амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа.
Вице-президент Бадра Гунба провел  заседание рабочей группы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Аԥсны
Аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара азҵаарақәа рус иалацәажәеит Аминистрцәа реилазаараҿы
Амшын аԥшаҳәа ахаҿра далацәажәеит архитектор Светлана Шаменкова – лара лнапы ианҵоуп адәнытә хәаахәҭырҭақәа рҭыԥ алкаара. Шаменкова лажәақәа рыла ари азы ирыдҵаало зегьы хаҭа-хаҭала рзыҳәақәа шҭырҵаауа. Зхаԥышәала ахәаахәҭырҭатә ҭыԥқәа зыргыло рганахь ала алеишәатә ҭакԥхықәра иақәыршәахоит.
Шаменкова илҳәеит асасааирҭа "Дэм" аҿаԥхьа иҟоу ашҭаҿы ишазыԥхьагәаҭо иаку ахәаахәҭратә цәаҳәақәеи Воронов имҩаҿы амшьамбатә қьалақәеи. Аҟәа ахада Беслан Ешба иҳәеит апавильонқәа акурорттә сезон ашьҭахь иқәуго иҟазароуп ҳәа.
Уи адагьы аилацәажәараан аӡбра рыдыркылеит Леон имҩаҿы асувенирқәа рыҭира аанкылазарц. Светлана Шаменкова ишылҳәо ала аҳҭнықалақь асасцәа асувенирқәа аархәар ҟалоит аплатформа "Гума" аҿы иҟало ахәаахәҭратә ҭыԥқәа рҟны. Урҭ рыргылашьаз апроектқәа ирылацәажәоит, аԥхынра аламҭалаз иргылахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0