Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адәыӷба Москва-Аҟәа аҟны ирыԥшааит 100 нызқь мааҭ рыхә изакәаншьаҭадаз атауар

© Foto / Таможенный комитет РАКонтрабанда препаратов
Контрабанда препаратов    - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз аԥҳәыс леидараҿы иаарԥшын хыԥхьаӡара рацәала акосметологиатәи хархәагқәеи ахәшәқәеи.
АҞӘА, лаҵара 13 – Sputnik. Ашәҟәы иҭагаламыз аидара аадырԥшит Аԥсны АЕ аҳазатә еилагарақәеи аконтрабандеи рҿагылараз аусбарҭа аусзуҩцәа адәыӷба Москва-Аҟәа авагон аҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аҳазалхыҩцәа иаадырԥшит закәаншьаҭада акосметологиатә хархәагақәеи ахәшәқәеи 100 880 мааҭ рыхә.

Адәыӷба Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицон, Урыстәыла атәылауаҩ аҳәаа аконтрабанда ахыгара лҽазылшәеит.
Абри азы аматериалқәа Аԥсны АЕ аҳазатә усҭҵаарақәа рыҟәшахьы инашьҭуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0