Ермантәыла Сорос ифонд аусура ааныркылар рҭахуп

© Sputnik / Александр Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПанорама города Ереван.
Панорама города Ереван. - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2022
Анапаҵаҩра
Ермантәылатәи адукатцәа атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ инамаданы аӡбарҭахь иашшырц рыӡбеит "аҳәаанырцәтәи агентуратә ҳа" ҳәа ирыԥхьаӡо афонд аусура анкылараз.
АҞӘА, лаҵара 13– Sputnik. Ермантәылатәи адукатцәа ргәыԥк атәылаҿ Сорас ифонд аусура аркразы иқәгылоит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Армения адукат Тигран Атанесиан иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Ҳҳәынҭқарра ҿырԥшра ауеит ари Афонди иара абенефициар-соросааи аграждантә уаажәларра ашьақәыргылара хықәкыс ишрымам аарԥшразы. Афонд ахықәкыҵәҟьа ҳәынҭқаррак ақәгароуп, ахара ицо аполитикатә хықәкқәа амоуп", - ҳәа иҩуеит Атанесиан.
Адукат иҳәеит "соросаа" 2018 шықәсазтәи ахҭысқәа ишрыдгылоз, Арцах Азербаиџьан аҭараз аусқәа шымҩаԥыргоз.
Атанесиан иажәақәа рыла, адукатцәа аӡбарҭахь иашшуеит закәаншьаҭала Афонд аԥыхзарц, иара аусура аҳәынҭқарреи ауаажәларреи, ауааԥсыра ргәабзиареи, рқьабызқәеи, рзинқәеи, рхақәиҭрақәеи ҵнашәаауазар.
Гегам Манукян среди активистов на третий день акции неповиновения (3 мая 2022). Еревaн - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2022
Ермантәыла аоппозициа Ереван амҩадуқәа ркит
Афонд "Иаарту ауаажәларра" шьаҭаиркит америкатәи амиллиардер Џьорџь Сорос. Иазгәаҭоу ахықәкы азинеиҿкаара, аҵара, агәабзиарахьчара, ихьыԥшым АИХқәа рыцхыраароуп. Афондқәа адунеи зегьы аҿы аус руеит Урыстәылеи ИАР атәылақәеи налаҵаны.
2015 шықәсазы Урыстәыла Апрокуратура хада Афонд иахәҭам еиҿкаараны иашьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0