Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Леон Барцыц аԥхьахә "Агәыџьбара" далауреатхеит

© Foto / Послы доброй воли АбхазииИнал Барциц
Инал Барциц  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2022
Анапаҵаҩра
"Агәыџьбара" ахықәкы - аԥсҭазааратә ԥынгылақәа ириааины афырхаҵаратә хымҩаԥгашьа аазырԥшыз аҿар ралкаара.
АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Аплатформа "Аԥсны аԥеиԥш" алахәыла Леон Барцыц аԥхьахә "Агәыџьбара" далауреатхеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр.
Арԥыс қәыԥш ари аҩыза анашьара иоуит иӡааҟәрылоз аԥҳәыси ахәыҷи акатамаран аҟынтәи иахьеиқәирхаз азы.
2021 шықәса, аԥхынразы урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа гәыԥҩык зықәтәаны амшын ихыз акатамаран аидара рацәа иахҟьаны иԥҽын, аӡааҟәрылара иалагеит Гәдоуҭа араион Бамбора ақыҭа аԥшаҳәаҿы. Акатамаран иақәтәан фҩык ауааԥсыра, хҩык ахацәеи, ҩыџьа аҳәсеи, фышықәса раҟара зхыҵуаз ахәыҷи.
Жәибжь шықәса зхыҵуаз Леон Барцыц аҳәҳәабжь аниаҳа уахь асерфинг азы аӷәы ала дрызнеиит. Ани ахәыҷи дрыцхраан иалигеит. Иаанхаз ари ахҭыс иахьӡаз рыцхраан еиқәдырхеит.
Леон Барцыц ифырхаҵара азгәаҭан, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниагьы азхьаԥшра аиҭеит, Урыстәыла аиҳабыра рҿы иаарту москватәи Афинанстә университет иҭалараҿ ацхыраара ҟаиҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0