Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Раԥхьатәи ахада: амилаҭ рԥыза Владислав Арӡынба

Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рҵеи лаша, Аԥсны раԥхьатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы иахьа ихыҵуазаарын 77 шықәса.
Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба диит лаҵара14, 1945 шықәсазы Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан. Ихәыҷрашықәсқәа зегьы иқыҭа гәаҟьаҿы ихигеит. Иаб Григори Константин-иԥа Арӡынба шықәсы рацәала ашкол аҟны аҭоурых риҭон, ашкол аҵара аҟәша деиҳабын. Иан Надежда Шьабан-иԥҳа Иазычба ашкол аҟны усеилыргаҩыс дыҟан.
1966 шықәсазы Владислав Арӡынба Аҟәатәи апедагогикатә институт аҭоурыхтә факультет далганы дҭалоит Москва СССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәыз Мрагылараҭҵаара Аинститут аспирантура. 1969-1988 шш. рзын Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәыз Мрагылараҭҵаара аинститут аҿы аус иуан. Мрагылараҭҵаара знапы алакыз, адунеи зыхьӡ адырхьаз аҵарауаҩ инапы алакын ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рхаҵарақәеи рыҭҵаара. Ҷыдала, уи иҭиҵаауан ажәытәтәи ахаттцәеи ахеттцәеи. Ахаттцәа аԥсуа-адыга жәларқәа иргәыцхәуп ҳәа шьақәирӷәӷәон иара.
Зхы-зыԥсы зегьы аҭҵаарадырра иадызҳәалаз Владисав Арӡынба 1971 шықәсазы акандидаттә диссертациа ихьчоит, анаҩс 1985 шықәсазы адоктортә диссертациа.
1988 шықәсазы Арӡынба Аԥсныҟа дхынҳәуеит, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аиҳабыс дарҭоит. 1989 шықәсазы Владислав Арӡынба СССР жәлар рдепутатс далырхуеит, 1990 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Владислав Арӡынба Аԥсны Арбџьармчқәа рхадараҿы дгылеит.
Абҵара 26, 1994 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас далырхуеит. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы аҳәынҭқарра ахадас деиҭалырхуеит.
Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥс­ны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа академик, ианашьан В.И. Вернадски ихьӡ зху апремиа, Жәларбжьаратәи Кандуровтәи апремиа. Хәы змаӡам иџьабаақәа ҳаҭыр рықәҵаны, Владислав Арӡынба ихҵан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьан "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара.
Иналукааша аԥсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы.
© Foto / с сайта В.Г. Ардзинба

Аԥсуа жәлар рҵеи лаша, Аԥсны раԥхьатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа, Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы ихыҵуазаарын 77 шықәса.

Аԥсуа жәлар рҵеи лаша, Аԥсны раԥхьатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа, Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы ихыҵуазаарын 77 шықәса. - Sputnik Аҧсны
1/18

Аԥсуа жәлар рҵеи лаша, Аԥсны раԥхьатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа, Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы ихыҵуазаарын 77 шықәса.

© Foto / В.Г. Ардзинба

Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспореи иареи реиԥылараан.

Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспореи иареи реиԥылараан. - Sputnik Аҧсны
2/18

Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспореи иареи реиԥылараан.

© Foto / из фотоальбома им. Владислава Ардзинба

Владислав Арӡынба диит лаҵара 14, 1945 шықәсазы Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан (афото ҭыхын 1950 ш.).

Владислав Арӡынба диит лаҵара 14, 1945 шықәсазы Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан (афото ҭыхын 1950 ш.). - Sputnik Аҧсны
3/18

Владислав Арӡынба диит лаҵара 14, 1945 шықәсазы Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан (афото ҭыхын 1950 ш.).

© Foto / из фотоальбома им. Владислава Ардзинба

Владислав Арӡынба – еицырдыруа аҵарауаҩ ду, аҭоурыхҭҵааҩ, инапы алакын ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рхаҵарақәеи рыҭҵаара.

Владислав Арӡынба – еицырдыруа аҵарауаҩ ду, аҭоурыхҭҵааҩ, инапы алакын ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рхаҵарақәеи рыҭҵаара. - Sputnik Аҧсны
4/18

Владислав Арӡынба – еицырдыруа аҵарауаҩ ду, аҭоурыхҭҵааҩ, инапы алакын ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рхаҵарақәеи рыҭҵаара.

© Foto / из фотоальбома им. Владислава Ардзинба

1988-1996 шықәсқәа рзы Арӡынба Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аиҳабыс дыҟан.

1988-1996 шықәсқәа рзы Арӡынба Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аиҳабыс дыҟан. - Sputnik Аҧсны
5/18

1988-1996 шықәсқәа рзы Арӡынба Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аиҳабыс дыҟан.

© Foto / официальный сайт В.Г. Ардзинба

В. Арӡынбеи Е. Шеварднаӡеи реиԥылара. Қарҭ нанҳәа 14, 1997 шықәса.

В. Арӡынбеи Е. Шеварднаӡеи реиԥылара. Қарҭ нанҳәа 14, 1997 шықәса. - Sputnik Аҧсны
6/18

В. Арӡынбеи Е. Шеварднаӡеи реиԥылара. Қарҭ нанҳәа 14, 1997 шықәса.

© Foto / из фотоальбома им. Владислава Ардзинба

1990 шықәсазы  Владислав Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс далырхуеит.

1990 шықәсазы  Владислав Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс далырхуеит. - Sputnik Аҧсны
7/18

1990 шықәсазы  Владислав Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс далырхуеит.

© Foto / с сайта В.Г. Ардзинба

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар актәи аконгресс аҟны В. Арӡынба икәгылара. Лыхны жьҭаарамза 1992 шықәса.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар актәи аконгресс аҟны В. Арӡынба икәгылара. Лыхны жьҭаарамза 1992 шықәса. - Sputnik Аҧсны
8/18

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар актәи аконгресс аҟны В. Арӡынба икәгылара. Лыхны жьҭаарамза 1992 шықәса.

© Foto / из фотоальбома им. Владислава Ардзинба

"Ҳарҭ аибашьра ҳацрарҳәеит. Ҳрымпыҵархаларц, ҳақәырхырц рыӡбеит. Аха ҳара ҳажәлар аиашара иазықәҧон, иагьаиааит Ҳаҧсадгьыл ҳанызхырц зҭахыз, ҳҳәынҭқарра ашьҭамҭа ыҟамкәа иқәызхырц иашьҭаз рҿаҧхьа. Иҧшьоу ари ахеиқәырхаратә еибашьраҿы рыжәҩахыр ҳадыркылеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәыла иқәынхо ҳаиашьаратә жәларқәа, убасгьы аиашара ҳацрыхьчаразы иааз зыламыс ӷәӷәоу ауаа зегьы!" – Владислав Арӡынба.

"Ҳарҭ аибашьра ҳацрарҳәеит. Ҳрымпыҵархаларц, ҳақәырхырц рыӡбеит. Аха ҳара ҳажәлар аиашара иазықәҧон, иагьаиааит Ҳаҧсадгьыл ҳанызхырц зҭахыз, ҳҳәынҭқарра ашьҭамҭа ыҟамкәа иқәызхырц иашьҭаз рҿаҧхьа. Иҧшьоу ари ахеиқәырхаратә еибашьраҿы рыжәҩахыр ҳадыркылеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәыла иқәынхо ҳаиашьаратә жәларқәа, убасгьы аиашара ҳацрыхьчаразы иааз зыламыс ӷәӷәоу ауаа зегьы!" – Владислав Арӡынба. - Sputnik Аҧсны
9/18

"Ҳарҭ аибашьра ҳацрарҳәеит. Ҳрымпыҵархаларц, ҳақәырхырц рыӡбеит. Аха ҳара ҳажәлар аиашара иазықәҧон, иагьаиааит Ҳаҧсадгьыл ҳанызхырц зҭахыз, ҳҳәынҭқарра ашьҭамҭа ыҟамкәа иқәызхырц иашьҭаз рҿаҧхьа. Иҧшьоу ари ахеиқәырхаратә еибашьраҿы рыжәҩахыр ҳадыркылеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәыла иқәынхо ҳаиашьаратә жәларқәа, убасгьы аиашара ҳацрыхьчаразы иааз зыламыс ӷәӷәоу ауаа зегьы!" – Владислав Арӡынба.

© Foto / Фото предоставлено отцом Виссарионом

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба, Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада аб Басариан, урыстәылатәи аҵарауаҩ, ателедырраҭара "Клуб путешественников" амҩаԥгаҩ Иури Сенкевич. Афильм "Аԥсны аиашахаҵара" аҭыхраан, 1999 ш.

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба, Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада аб Басариан, урыстәылатәи аҵарауаҩ, ателедырраҭара "Клуб путешественников" амҩаԥгаҩ Иури Сенкевич. Афильм "Аԥсны аиашахаҵара" аҭыхраан, 1999 ш. - Sputnik Аҧсны
10/18

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба, Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада аб Басариан, урыстәылатәи аҵарауаҩ, ателедырраҭара "Клуб путешественников" амҩаԥгаҩ Иури Сенкевич. Афильм "Аԥсны аиашахаҵара" аҭыхраан, 1999 ш.

© Sputnik  / Амедиаҵәахырҭахь аиасра

Владислав Арӡынба урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчқәа рыдҵаҟаҵаҩцәа рԥылараан.

Владислав Арӡынба урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчқәа рыдҵаҟаҵаҩцәа рԥылараан. - Sputnik Аҧсны
11/18

Владислав Арӡынба урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчқәа рыдҵаҟаҵаҩцәа рԥылараан.

© Foto / из фотоальбома им. Владислава Ардзинба

Владислав Арӡынба ихәыҷрашықәсқәа зегьы иқыҭа гәаҟьа ихигеит. Иаб Григори Константин-иԥа Арӡынба шықәсы рацәа ашкол аҟны аҭоурых риҭон, ашкол аҵара аҟәша деиҳабын. Иан Надежда Шьабан-иԥҳа Иазычба ашкол аҟны усеилыргаҩыс дыҟан.

Владислав Арӡынба ихәыҷрашықәсқәа зегьы иқыҭа гәаҟьа ихигеит. Иаб Григори Константин-иԥа Арӡынба шықәсы рацәа ашкол аҟны аҭоурых риҭон, ашкол аҵара аҟәша деиҳабын. Иан Надежда Шьабан-иԥҳа Иазычба ашкол аҟны усеилыргаҩыс дыҟан. - Sputnik Аҧсны
12/18

Владислав Арӡынба ихәыҷрашықәсқәа зегьы иқыҭа гәаҟьа ихигеит. Иаб Григори Константин-иԥа Арӡынба шықәсы рацәа ашкол аҟны аҭоурых риҭон, ашкол аҵара аҟәша деиҳабын. Иан Надежда Шьабан-иԥҳа Иазычба ашкол аҟны усеилыргаҩыс дыҟан.

13/18

Владислав Арӡынба иаб игәараҭа Ешыра.

© Foto / из фотоальбома им. Владислава Ардзинба

Владислав Арӡынба Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар актәи аконгресс алахәылацәеи иареи. Лыхны, жьҭаарамза 1992 ш.

Владислав Арӡынба Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар актәи аконгресс алахәылацәеи иареи.  Лыхны, жьҭаарамза 1992 ш. - Sputnik Аҧсны
14/18

Владислав Арӡынба Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар актәи аконгресс алахәылацәеи иареи. Лыхны, жьҭаарамза 1992 ш.

© Sputnik  / Амедиаҵәахырҭахь аиасра

Владислав Арӡынба аполитика ду ахь дааит 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, Аԥсны амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара анеилашуаз.

Владислав Арӡынба аполитика ду ахь дааит 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, Аԥсны амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара анеилашуаз. - Sputnik Аҧсны
15/18

Владислав Арӡынба аполитика ду ахь дааит 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, Аԥсны амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара анеилашуаз.

© Foto / из фотоальбома им. Владислава Ардзинба

Владислав Арӡынба 1969-1988 шш. рзы аус иуан Мрагылараҭҵаара аинститут аҿы, иҭиҵаауан ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи.

Владислав Арӡынба 1969-1988 шш. рзы аус иуан Мрагылараҭҵаара аинститут аҿы, иҭиҵаауан ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи. - Sputnik Аҧсны
16/18

Владислав Арӡынба 1969-1988 шш. рзы аус иуан Мрагылараҭҵаара аинститут аҿы, иҭиҵаауан ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи.

© Foto / из фотоальбома им. Владислава Ардзинба

Владислав Арӡынбеи иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениаԥҳаи рыԥҳа Мадинеи.

Владислав Арӡынбеи иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениаԥҳаи рыԥҳа Мадинеи. - Sputnik Аҧсны
17/18

Владислав Арӡынбеи иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениаԥҳаи рыԥҳа Мадинеи.

© Sputnik / Владимир Вяткин

Иналукааша аԥсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы.

Иналукааша аԥсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы. - Sputnik Аҧсны
18/18

Иналукааша аԥсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0