Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Уаԥстәылатәи анапылампыласцәа Дилениан ихьӡ зху атурнир аҿы аиааира ргеит

© Foto / Госкомспорт РАКоманда из Дигоры
Команда из Дигоры - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2022
Анапаҵаҩра
СССР-и Аԥсни зҽаԥсазтәыз разыҟаҵаҩ, абаҩрҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз русзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Роберт Дилениан игәалашәара иазкыз ахацәа рыбжьара анапылампыл азы атурнир мҩаԥысуан Аҟәа лаҵара 13-15 рзы Ареспубликатә спортшкол аҿы.
АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Роберт Дилениан игәалашәара иазкыз ахацәа рыбжьара анапылампыл азы атурнир аҿы аиааира ргеит Нхыҵ Уаԥстәыла акоманда, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.
Аҩбатәи аҭыԥ ргеит Ҟабарда-Балкариа акоманда, ахԥатәи - Аԥсны.
Аицлабра иалахәын акомандақәа хәба. Урҭ рахьтә ҩба - аԥснытәиқәа ракәын, ҩба - Нхыҵ Уаԥстәылеи Ҟабарда-Балкариеи рҟынтәи, даҽакы - Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә маҵзура акоманда.
Роберт Дилениан – анапылампыл асразы СССР зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, иреиӷьу СССР азыҟаҵаҩ ҳәа ахьӡ зҽаԥсазтәыз, абаҩрҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз русзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Роберт Дилениан иахьа иԥсы ҭазгьы 95 шықәса ихыҵуазаараны. Иара иааӡамҭацәа рыбжьара иҟоуп СССР аспорт азҟазацәа фҩык, Аԥсны аспорт азҟазацәа 10-ҩык, иара убас аолимпиатә чемпионцәа Владимир Дорохови Станислав Лиугаилои.
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Табаӷәуа Роберт Дилениан изкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2022
Арадио
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Табаӷәуа Роберт Дилениан изкны
Ажәабжьқәа зегьы
0