Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР амаамынааӡарҭа аҟынтәи амаамынқәа рӷьычразы ашьаус хацнаркит

© Sputnik Томас ТхайцукОбезьяна сухумского питомника.
Обезьяна сухумского питомника. - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2022
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 23 азы Урыстәыла атәылауаҩ Умар Алакаев аҟәатәи амаамынааӡарҭа аҟынтәи амаамынқәа жәба иӷьычит.
АҞӘА, лаҵара 16 – Sputnik. Аԥсны ААР амаамынқәа аҟәатәи амаамынааӡарҭа аҟынтә иавантәи амакакақәа рӷьычразы ашьаус хацнаркит ҳәа аанацҳауеит ареспублика ААР апресс-маҵзура.
Аус аматериалқәа инарықәыршәаны 26 шықәса зхыҵуа, Карачаевск инхо Умар Алакаев сынтәа, хәажәкырамзазы закәаншьаҭада амалрҳара хықәкыс иҟаҵаны ахыц ԥҽны иавантәи амакакақәа жәба ҭыганы иӷьычит.
НИИЕПиТ азеиԥш ԥхасҭа ахә 308 410 мааҭ ҳәа ишьоуп.
Аԥсны аҳазалхратә еилакы аофициалтә хҳәаала ареспубликаҟынтәи иавантәи амакакақәа ралгара мҩаԥымсыцт.
Алакаев ацәгьоура дшалахәу шьақәыргылоуп, иԥшаара иаҿуп.
Сухумский обезьяний питомник  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2021
Аҟәатәи амаамынааӡарҭаҿ "анхацәа" ҿыцқәа нанагеит
Аҟәатәи амаамынааӡарҭаҟны инхоит 600 рҟынӡа амаамынқәа. Ааӡарҭа анапхгара аҭааҩцәа радԥхьаларазы урҭ рхыԥхьаӡара аиҳатәра ргәы иҭоуп. 2022 шықәса нанҳәамзазы НИИЕПиТ аԥҵоижьҭеи 95 шықәса аҵра азгәарҭараны иҟоуп.
Аинститут шьаҭаркуижьҭеи еиуеиԥшымкәа аҭагылазаашьақәа ирыниахьеит, аха ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа аус ауеит, аҭҵаарадырреи агәабзиарахьчареи рызҵаарақәа жәпакы зыӡбо аҭҵаарақәа шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0