Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амшын еиқәа иаԥну Урыстәылатәи аотелиерцәа ахәқәа ладырҟәуа иалагеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2022
Анапаҵаҩра
Росавиациа лаҵара 19 рҟынӡа аҿҳәара инахеит Урыстәыла аҳаиртә баӷәазақәа 11 русура. Убри аан авиаеилахәырақәа иарбоу ахырхарҭақәа рахь рашәарамза нҵәаанӡа ареисқәа ныркылеит.
АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Урыстәыла аладатәи акалҭ иатәу аҳаиртә баӷәазақәа рахь аԥыррақәа рыԥкра Амшын еиқәа иаԥну акурортқәа рҿы аотелиерцәа рыхәԥсақәа ладырҟәуа иалагеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа.
Авиаеимадара аҟамзаара мзызны иазыҟалеит лаҵарамзазы иззыԥшыз раасҭа ауаа рмаҷхара. Ииасыз ашықәс иаҿырԥшны 80% рҟынӡа илаҟәит.
Аутристцәа рхыԥхьаӡара лаҟәит Шәачагьы, аҳаиртә баӷәаза аус шауагьы. Уа лаҵарамзатәи аԥсшьара 10% рыла илаҟәит. Уи мзызс иамоуп Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда иахҟьаны аԥырра аамҭа ҩынтә иахьеҳахаз, еиҳахеит ахәԥсақәагьы.
Егьырҭ акурортқәа рҿы аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәоуп. Атуристцәа рыԥсшьарамшқәа адәыӷбала рныҟәара иақәдырӡыр рҭахым.
Аҭагылазаашьа зегь раасҭа иуадаҩхеит Ҟрым. Аҭахрақәа лаҟәит 40-45% инаркны 80-85% рҟынӡа адгьылбжьаха аибашьратә ҭыԥқәа иахьырзааигәо азы. Атуристцәа иара убасгьы ирҭахым ԥсшьараҳәа ицарц атеррористтә шәарҭара ахьыҳараку.
Аекспертцәа ирҳәоит Аԥсны назлоу егьырҭ акурортқәа рҟны иҟоу аотельқәа рҿы ахәқәа лаҟәит атуристцәа рмаҷхареи заанаҵтәи аҿаҵарақәа рыҟамзаареи инарыдҳәаланы ҳәа. Арахь иаҵанакуеит ҩба ма хԥа еҵәа заҭәашьоу аотельқәа.
Атуроператорцәа ирҳәоит аҭагылазаашьа рашәарамза анҵәамҭанӡа ишыҟоу иаанхар, аԥхын аҩбатәи ахәҭаангьы массала заанаҵтәи аҿаҵарақәа ирзыԥшымхар шауа.
Еиҳа аҭагылазаашьа ҭышәынтәаланы аекспертцәа ахәаԥшуеит Шәачатәи аҭагылазаашьа, избанзар уахь ареисқәа аус руеит атәыла ақалақь дуқәа зегьы рҟынтәи, иара убасгьы премиум-классқәа робиектқәа рыбжьара иалухша рацәоуп.
Набережная Сухума на закате  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2022
Аԥсны
Аԥсны лаҵарамзазы аԥсшьаразы ахәқәа ахьылаҟәу аҭыԥқәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0