Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аншба аҿар арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рацәыхьчаразы: иаартны иалацәажәалатәуп

Аншба аҿар арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рацәыхьчаразы: иаартны иалацәажәалатәуп
Анапаҵаҩра
Аҿар арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рацәыхьчараз иҟаҵатәу, насгьы уи иацу ашәарҭара атәы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит, аҵарадырразы жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фонд аспециалист Рустам Аншба.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра, Аҿари аспорти рускәа рзы аҳәынткарратә еилаки азинхьчаратә усбарҭақәа реилатәараҿы ицәырыргеит апрограмма аҿар арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рацәыхьчара иазырхоу.
Апрограмма еиуеиԥшым аҟәшақәа алахуп, уи бзиоуп, избанзар системала изызнеитәу акоуп, аха араҟа иҟазароуп аҭаацәагьы, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Аншба.
"Ашкол амацара ауадаҩра азыӡбаӡом. Ахәыҷы ииҭахымзароуп арҩашьыгатә маҭәашьар адкылара. Аԥсны ари ауадаҩра ахатә ҷыдара амоуп, иаартны ҳалацәажәаӡом. Ауаа рҟны аилкаара ыҟаӡам ауадаҩра шҵаулоу. Аҿар астатистика деилыркаатәуп. Ахәыҷқәа рхаҭагьы азҵаара аӡбараҿы иалахәызароуп, рхатә лагалақәа ҟарҵароуп. Убысҟан ауп апрограмма иаҳагьы алҵшәа анаиуа", - ҳәа азгәеиҭеит Аншба арадиоефир аҿы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0