Азиндырыҩ еиҭеиҳәеит имцу ажәабжьқәа аҳәынҭқарра шаҿагылаша

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезентация "антифейкового" проекта МИД РФ
Презентация антифейкового проекта МИД РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарра амч аднаҵароуп ауааԥсыра аҳәынҭқарратә официалтә хыҵхарҭақәа ирҳәо харҵаларц, рхала аинтернет аҿы аиаша аԥшаара иашьҭамлаларц.
АҞӘА, лаҵара 24 - Spuntik. Имцу аинформациа иаҿагыларц азы аҳәынҭқарра арҿиара ахы ианархәалароуп ҳәа иҳәеит азиндырыҩ, ауаажәларратә усзуҩ Илиа Ремесло жәларбжьаратәи афорум "Аҭагылазаашьа ҿыц аҵак ҿыц" аҿы.
"Сара ишызбо ала имцу аинформациа аҿагылара аофициоз ҟазшьа аҭара аҭахӡам "ҳара уи азы абриаҟара кьыԥхьымҭа ҟаҳҵеит, зегь бзиоуп, зегь маншәалоуп" ҳәа ҳәо. Аусура аҭахуп арҿиаратә ҟазшьа аҭаны", - ҳәа иҳәеит Ремесло.
Азиндырыҩ иажәақәа рыла, аҳәынҭусбарҭақәа ауаа аофициалтә информациатә хыҵхарҭақәа рыгәра рго рус еиҿыркаалароуп, урҭ ирҭаххар ирымоу аинформациа аофициалтә иаҿдырԥшыртә еиԥш, ус анакәымха ауаа рызҵаарақәа рҭак ахьроуша аҽа мҩакы ианылоит.
Ремесло иҳәеит имцу ажәабжьқәа рҿагылараан хра аманы иҟоуп урҭ амемқәа рыцхыраарыла рхыччара апародиа ахархәара. Усҟан имцу аинформациа алазырҵәо ҩынтә дхәыцуеит иҟасҵару иҟасымҵару ҳәа.
Жәларбжьаратәи афорум "Аҭагылазаашьа ҿыц аҵак ҿыц" мҩаԥысит Москва, лаҵара 24 азы Аҳәынҭқарратә Думеи Афедерациатә хеилаки рхаҭарнакцәа алархәны, аблогерцәеи АИХқәа рнапхгаҩцәеи ржурналистцәеи алархәны. Аиҿкааҩ: амедиагәыԥ "Россия сегодня".
Логотип Евросоюза на здании штаб-квартиры Европейского парламента в Брюсселе - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2022
Мезенцев Мраҭашәара НАТО аганахьала ирымаз аиқәшаҳаҭрақәа шынармыгӡо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит
Афорум атема хада ҳаамҭазтәи ауадаҩрақәа: амилаҭ еилыхра аҿагылара, аинформациатә еибашьра, аҭоурых аиҭакра аҿагылара уҳәа.
Афорум апресс-центр аҿы иаартуп афотоекспозициа "Аԥсҭазаара ҿыц. Алагамҭа", "Россия сегодня" афоторепортиорцәа ркадырқәа урыстәылатәи ар зхы иақәиҭыртәыз аҵакырақә рҿы аԥсҭазаара аҭынчмҩаԥысшьазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0