Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба Тҟәарчалтәи атеатр атәыла аҩнуҵаҟа ақәгыларақәа ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба Тҟәарчалтәи атеатр атәыла аҩныҵаҟа ақәгыларақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр аиҳабы Адамыр Гәынба еиҭеиҳәеит Аԥсны аҩнуҵаҟа атеатр ақәгыларақәа шымҩаԥысуа, ахәаԥшцәа ирымоу атәы.
Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟны агастрольқәа мҩаԥнагоит Роман Сабуа иқәиргылаз, авторс дызмоу аспектакль "Саҳра шәара ишәымаз" ала.
Атеатр ықәгылеит Гәдоуҭа акультура ахан аҟны, Бзыԥҭа, иқәгылараны иҟоуп Жәандәрыԥшь, Пицунда, Очамчыра араион аҟны.
"Тҟәарчалтәи атеатр ас еиԥш аиҭанаиаара, араионқәа рҟны ақәгылара атрадициа уи аԥхьагьы иаман, уажәы иацаҳҵеит ари аус. Заанаҵы ҳрацажәоит араион анапхгара, акультура, аҵараҟәшақәа реиҳабацәа адгылареи ацхыраареи ҳарҭоит ауаа реизгараҟны. Гәдоуҭа аспектакль бзианы имҩаԥысит, еиҳараӡак ашколхәыҷқәа роуп иҳазнеиуа. Сгәы иаанагоит ажәлар иргәаԥхап ҳәа, ари ҳкультура, ҳбызшәа ауп", - иҳәеит Гәынба.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0