Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Матуаԥҳа амаамынқәа рцәырԥшӡазы: иҟоуп хра аманы иаҿагылаша

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУральские ученые предложили препарат против коронавируса
Уральские ученые предложили препарат против коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2022
Анапаҵаҩра
Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтә еиҿкаара адыррақәа рыла Европа иаарԥшуп амаамынқәа рцәырԥшӡа змоу шәҩык рҟынӡа.
АҞӘА, лаҵара 24 – Sputnik. Амаамынқәа рцәырԥшӡа аԥзырҟәҟәааша хра змоу аҿагылашьатә методқәа ыҟоуп ҳәа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит НИИЕПиТ аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы, Агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Алиса Матуаԥҳа.
"Адунеи аҿы раԥхьатәи алаҵа ажә ацәырԥшӡа шьаҭаны иаҭан ауп аус шадулаз. Ацәырԥшӡа ма ацәырԥшӡа еиқәаҵәа авирус адунеи ианыӡааит 1980 шықәсазы, иалзыршазгьы алаҵаҟаҵараоуп. Аҭоурыхтә дыррақәа рыла ацәырԥшӡазы алаҵа 85% амаамынқәа рцәырԥшӡаҟынтә уахьчоит", - лҳәеит лара.
Матуаԥҳа илҳәеит дызлацәажәо ажә ацәырԥшӡа авирусқәа ирылху аҩбатәи ахԥатәи абиԥара иаҵанакуа алаҵақәа шракәу.
Иаҭахханы иҟалар уи иаарласны аҭыжьра алшоит. Официалла ацәырԥшӡа авирус алаҵатә штаммқәа Урыстәылеи ЕААи иҵәахуп.
Алаҵа адагьы хра рылоуп ацәырԥшӡа иаҿагыло ахәшәқәа ҳәа лҳәеит авирусолог.
Убри аан хыԥхьаӡара рацәала алаҵаҟаҵара ахәҭаны дахәаԥшуам. Амедусзуҩцәа ргәаанагарала алаҵа ззутәу ичмазаҩу инырыз роуп.

"Авирус аԥстәы аҟынтә ауаҩ иахь ишиасуеиԥш ауаҩ иҟынтәи аԥстәахьы ииасыргьы ауеит. Аԥстәы аҟынтәи ацҳаҭыԥ ала ииасуеит аиҳарак. Ауаҩ иҟынтәи ауаҩ иахь ачымазара ииасуеит аҳауа аҟынтәи" - лҳәоит Матуаԥҳа.

Амаамын ацәырԥшӡа ацәырҵра мзызны лара иазгәалҭоит ауаҩытәыҩсатә иммунитет ацәырԥшӡа аганахь ала аԥсыҽхара. Аҵыхәтәантәи апрофилактикатә лаҵа ҟаҵан 40 шықәса раԥхьа.
Авирус аепидемиа аҟалара атәы далацәажәо Матуаԥҳа илҳәеит уи шәарҭарахом ҳәа, иазгәалҭеит акоронавирусгьы иаҿырԥштәым ҳәа.

"Амаамын ацәырԥшӡа еиҳа ишьақәтәоуп. Арҭ авирусқәа реиҿырԥшра аԥсам избанзар ргеном рҭаацәареи еиуеиԥшым: РНК-геном (COVID-19), - ДНК-геном (ацәырԥшӡа)", - лҳәеит лара.

Амаамын цәырԥшӡа аинкубациатә аамҭа 10 - 14 мшы ыҟоуп, алимфатә еиқәҳәаларҭақәа чуеит, ацәеижьхьра, ахыхь, арыхьҭшьра ацуп. Мчыбжьык ашьҭахь ацәаҿы аҽцәырнагоит.
Амаамынқәа рцәырԥшӡа шамахамзар иуԥымло чмазароуп, аиҳарак атропикатә бнареи Африка атәылақәеи рҿы иҟалалоит. Раԥхьаӡа акәны авирус амаамынқәа ирыдбалан 1958 шықәсазы, ауаҩы – 1970 шықәсазы. 1970 - 1986 шықәсқәа рзы 400 хҭыс азгәаҭан. Африка анҭыҵ ЕАА иазгәаҭан 2003 шықәсазы, ԥсыҭбара арбамызт.
Ажәабжьқәа зегьы
0