Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакыраҿы амҩа ақаҭран ақәҵара иалагеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРемонт дорог
Ремонт дорог - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2022
Анапаҵаҩра
Риҵатәи аҳәырԥсарра аҭаларҭа инаркны аӡиа Риҵанӡа амҩа хада 25 километр иҟоуп.
АҞӘА, лаҵара 24– Sputnik, Бадри Есиава. Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакыраҿы амҩа ақаҭран ақәҵара иалагеит, абри атәы Sputnik иазааицҳаит аҳәырԥсарра аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Уи иажәақәа рыла, акаҭран ықәырҵоит реиҳа иԥхасҭоу амҩа аҳәҭақәа рҟны. Иааидкыланы ихҟьахо амҩа ахышәаҵышәа 25² нызқь метра иҟоуп.

"Ҳара амҩа еизакны акәым аусурақәа шымҩаԥаҳго, хәҭа-хәҭалоуп. Сынтәа еиҭашьақәыргылахоит 25² нызқь метра. Уажәазы ажәытә каҭран ықәхуп, ажрақәа ҭрыцқьаауп, амш иаҳнаҭар уаҵәы инаркны гәдоуҭатәи "Амҩатә-ргыларатә комбинат" аусурақәа ирылагоит", - иҳәеит иара.

Багаҭелиа иажәақәа рыла, аусурақәа мҩаԥыргоит апарк иамоу ахашәала аҟнытәи. Иааидкыланы аныхтәқәа 24,7 миллион мааҭ артәоит. "Абхазавтодор" аҿаҵоуп, анардадаҩцәа гәдоуҭатәи "Амҩатә-ргыларатә комбинат" ауп.
Акаҭран ашьҭаҵара анаҩсан апарк аҵакыраҿы еиҭашьақәдыргылоит асоурқәа раан ааха зауз аҩаршьҭратә система, Ауадҳараҟа инагоу амҩа дрыцқьоит, апансионат аартра иазыҟарҵоит.
Спуск на воду галеры на озере Рица - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2022
Аԥсны
Аԥсуа еибашьыга шхәа ҩаԥхьа Риҵа ихырҵеит
Аҳәырԥсарра аиҳабы лаҵарамзазы апарк аҭаара зеиԥшроу еиҭеиҳәеит. Иажәақәа рыла, лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа раан, лаҵара 1, 3 рзы Риҵатәи апарк иаҭааит фнызқь инреиҳаны атуристцәа, уи ҵыԥхтәи аамҭа иаҿырԥшны ҩынтәны еиҳауп.
"Уи ашьҭахь, амшцәгьақәа ирыхҟьаны аҭаара маҷхеит. Ааԥын хшәашәароуп иӡысаамҭоуп. Лаҵара 18-19 рзы ауадҳара асы леиуан. Лаҵарамза 2021 шықәса арбагақәа ҳрыҵахоит. Лаҵара акы инаркны 23-нӡа аҳәырԥсарра иаҭаахьеит 34 500-ҩык атуристцәа", - иҳәеит Багаҭелиа.
Багаҭелиа лаҵарамзазы Риҵа ҽнак иаҭааз аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡаразы: уи аҩыза ҟамлацызт - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2022
Арадио
Багаҭелиа лаҵарамзазы Риҵа ҽнак иаҭааз аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡаразы: уи аҩыза ҟамлацызт
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк 1930 шықәсазы иаԥырҵаз Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны 1996 шықәсазы иаартын.
Амилаҭтә парк ахыи-аҵыхәеи 390 километр ԥшьыркца аҵанакуеит. Риҵатәи амилаҭтә парк аԥшӡарақәа ирыҵаркуеит – Риҵа ду, Риҵа маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара, Ҩыԥсара аиҩхаа, аӡиас Бзыԥ аиҩхаара, аӡхыҽҽарақәа. Апарк ахышәаҵышәа 390 километр ԥшьыркца ыҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0