Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Даур Занҭариа ихьӡ зху алитературатә еиндаҭлара иаиааиз рыхьӡ еилкаауп

© Foto / Из личного архива Элеоноры КогониаДаур Зантария
Даур Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2022
Анапаҵаҩра
Аиндаҭлара "Аҭынчра амузыка уаҿыхәо" ҩынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Иара иалахәуп урысшәалеи аԥсышәалеи иҩуа ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи.
АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр аҿы имҩаԥган жәларбжьаратәи алитературатә еиндаҭлара "Аҭынчра амузыка уаҿыхәо" аихшьалақәа. Абри атәы аанацҳауеит амаҵзура "Аԥсныпресс".
Актәи аҭыԥ ианашьоуп Ричард Чкадуа, аҩбатәи - Аинар Ҷыҭанаа, ахԥатәи – Ҳаџьараҭ Џьыкырба.
Алитераторцәа русумҭақәа рыхә ршьон ажиури алахәылацәа: Владимир Занҭариа, Надежда Венедиктова, Марина Москвина.
Даур Занҭариа ихьӡ зху алитературатә еиндаҭлара иалахәхар рылшоит егьырҭ атәылақәа рҟынтәи аԥсышәалеи урысшәалеи иҩуа. Сынтәа русумҭақәа аарышьҭит Москва, Ҟарачы-Черкесск, Молдова, Ермантәыла рҟынтәи алитература знапы алаку.
Даур Зантария  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Даур Занҭариа иӡызлани сыԥхыӡқәеи: ашәҟәыҩҩы, аҩыза игәаларшәаразы
Ауснагӡатә аҿы дыргәаладыршәон Даур Занҭариа.
"Даур зегьы дыртәын, иара убри аан досу и-Даур диман. Иара ихазгьы ддаҽаӡәны дыҟазар илшон. Ихазы данцәажәозгьы аҽаӡәы дилацәажәошәа дыҟан", - иҳәоит ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа, Даур иажәақәагьы ааигоит: "Аԥсны иҟоуп абеиара дуқәа ҩба – Ерцахәи Даур Занҭариеи. Аха Ерцахә еснагь иҟазаауеит, Даур – мап. Ус анакәха, Даур бзиа дыжәбала, аблаҷыцеиԥш дшәыхьчала".
Ашәҟәыҩҩы, ажурналист Даур Занҭариа диит Тамшь ақыҭан. Далгеит афилологиатә факультет. Дыҩуан аԥсышәалеи урысшәалеи. Иԥсҭазаара далҵит 2001 шықәсазы, 48 шықәса дшырҭагылаз. Қәра дук шниимҵызгьы, иара аԥсуа литература аҿиараҿы алагала ду ҟаиҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0