Ермантәылатәи аоппозициа атәыла ахада Иусбарҭа иакәшеит

© Sputnik / Арам Нерсесян / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШествия оппозиции продолжаются в Ереване
Шествия оппозиции продолжаются в Ереване - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2022
Анапаҵаҩра
Аоппозициа ахаҭарнакцәа ишырҳәо ала, дара есыҽны аус руам мамзаргьы зусура Ермантәыла аинтересқәа ирықәшәом ҳәа ирԥхьаӡо аҳәынҭусбарҭақәа ирыкәшан иааныркылалоит.
АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Аоппозициатә еиҿкаара "Аҿагылара" Ереван иҟоу атәыла ахада Иусбарҭа иакәшаны игылеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Армения.

"Мызкы иназынаԥшуа атәылаҿы аҿагыларақәа мҩаԥысуеит, аха ахада иҭыԥ аанкыланы итәоу ауаҩы акгьы имбошәа ҟаиҵоит. Уи ареспублика дахадаӡам, "Аграждантә еиқәшаҳаҭра" дахаҭарнакуп. Дарбанзаалак усзуҩык ари ахыбра дыҩнамлароуп", - иҳәеит "Аҿагылара" ахадацәа иреиуоу Сагателиан.

Акциа алахәылацәа ирҳәоит ахыбра аҩналара шрыгәҭакым, аха уахь аӡәгьы дшыҩнармыжьло.
Адепутат Гегам Манукиан иҳәеит аоппозициа есыҽны аус руам мамзаргьы зусура Ермантәыла аинтересқәа ирықәшәом ҳәа ирԥхьаӡо аҳәынҭусбарҭақәа ирыкәшан иааныркылалоит ҳәа.
Аполициа аҿагылара зуа рахь ааԥхьара ҟарҵеит ахада Иусбарҭа аҩналарҭақәа ирԥырҵырц. Иҟан аиҿагыларақәа аха нас аҭагылазаашьа ҭышәынтәалеит. Активистцәа ахыбра ирзадымцеит.
Аоппозициаа иара убасгьы Ермантәыла ашәарҭадаратә хеилак иакәшеит, уи ахантәаҩы Ермантәылеи Азербаиџьани реиҿцәажәарақәа раан аԥсыҽра ааирԥшуеит ҳәа иԥхьаӡаны.
Мшаԥы 25 раахыс Ермантәыла зехьынџьара аерманцәа аҿагыларатә акциақәа мҩаԥыргоит. Дара ишырԥхьаӡо ала, амчраҿ иҟоу рполитика Ермантәылеи иазхаҵам Ашьхатә-Ҟарабах Ареспубликеи ашәарҭара иҭанаргылоит.
Адемонстрантцәа азин иаҿагылом, амч ахархәарахь аӡәгьы даарыԥхьом. Дара аԥыза-министр Никол Пашиниан ԥхьатәара дцароуп ҳәа адҵа ҟарҵоит. Дара ргәаанагарала, атәыла анапхгара рполитика Арцахи аерман ҳәынҭқарреи рцәыӡрахь икылыргоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0