Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қриа еиҭеиҳәеит ансамбль "Афырҭын" аиубилеи шазгәарҭо

Қриа еиҭеиҳәеит ансамбль "Афырҭын" аиубилеи шазгәанаҭо
Анапаҵаҩра
Гагратәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Афырҭын" 20 шықәса ахыҵра азгәаҭахоит лаҵара 26 рзы. Ансамбль анапхгаҩцәа иреиуоу Мураҭ Қриа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аиубилеитә ныҳәа рышҽазыҟарҵо.
Ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Афырҭын" 2002 шықәсазы иаԥиҵеит, раԥхьатәи анапхгаҩысгьы дыҟан Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лев Қьецба. Иара идунеи аниԥсах ашьҭахь, ансамбль аҿы икәашоз иҵаҩцәа аҟаза иус нарыгӡеит. Асовет аамҭазы "Афырҭын" ИУНЕСКО асиа ианылахьан иреиӷьу амилаҭтә кәашара назыгӡо ансамбль ҳәа, иагьанаршьахьан еиуеиԥшым аҳамҭақәеи аԥхьахәқәеи. Лаҵара 26 рзы зиубилеи азгәазҭо ансамбль "Афырҭын" Аҟәатәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы аныҳәатә концерт мҩаԥнагоит. Ансамбль анапхгаҩцәа ируаӡәку Мурат Қриа арадио аефир аҟны еиҭеиҳәеит ансамбль акәашацәа риубилеи рышҽазыҟарҵо, "Афырҭын" иахьа иаԥсҭазаашьоу.

"Шықәсык иназынаԥшуа иҵуеит аиубилеитә ныҳәа ҳҽазыҟаҳҵоижьҭеи, акәашацәа рхы бзианы иаадырԥшып ҳәа ҳгәы иаанагоит, х-гәыԥкны иқәгылоит аныҳәаҟны. Ахәыҷқәагьы ирылшо ҟарҵоит, ҳрепертуаргьы маҷк аҽаԥсахит, иҿыцу кәашарақәак ацаҳҵеит. Аԥхьа инаргыланы уи аԥсуа кәашарақәа роуп. Ҳрепертуар аҟны иҟоуп Нхыҵ Кавказ инхо ҳашьцәа рыкәашарақәагьы", - иҳәеит Қриа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0