Depeche Mode амузыкант Енди Флетчер 61-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКонцерт Depeche Mode в Санкт-Петербурге
Концерт Depeche Mode в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2022
Анапаҵаҩра
Флетчер агәыԥ Depeche Mode аиҿкааҩцәа дреиуан.
АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Еицырдыруа британиатәи агәыԥ Depeche Mode арыдарҳәаҩ Енди Флетчер 61-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа азгәаҭоуп Twitter аҿтәи иаккаунт аҿы.
"Ҳҩыза, ҳҭаацәара алахәыла, агәыԥ Depeche Mode алахәыла Енди Флетчер "Флетч" иԥсҭазаара иалҵра ҳгәы ҳнархьит. Флетч игәы ҭбаан, еснагь ужәҩа даҵагылон ацхыраара анаҭаххоз, дувагылон гәыкала аицәажәараан, алаф аҳәараан, ауараш хьшәашәа уцыжәраҿ дуҩызан", - аҳәоит адырраҿы.
Флетчер агәыԥ Depeche Mode аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын. Агәыԥ еиҿкаан 1980 шықәсазы Британиа ду, Базилдон (аграфра Ессекс). Агәыԥ астиль синти-попи астиль пост-панки рыла ихәмаруаз ирылукаауа иҟан. 30 шықәса рыҩнуҵҟа аколлектив 13 студиатә альбом ҭрыжьит, ирҭиит 115 миллион хҩылаа. 40 инареиҳаны сингл британиатәи ахит-парадқәа ирыҵаркит.
Ендрю Џьон Леонард Флетчер диит Британиа ду, ԥхынгәы 8, 1961 шықәсазы. 1970-шықәса анҵәамҭаз иҩызеи иареи агәыԥ No Romance in China еиҿыркааит – анаҩс Мартин Гороми Девид Гааноми иареи реибадырра ашьҭахь Depeche Mode зыхьӡырҵаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0