Молдавиа уаанӡатәи ахада Додон 30 мшы аҩнытә ҭакра иқәҵоуп

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВторой тур президентских выборов в Молдавии
Второй тур президентских выборов в Молдавии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2022
Анапаҵаҩра
Апрокуратура аҳәара ҟанаҵон Додон 30 мшы дҭакызарц, аха аӡбарҭа аҩнытә рбаандаҩра иқәнаҵеит.
АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Кишинев аӡбарҭа аҵарҭыша игон, иԥсадгьыл иԥсахуан ҳәа ахара зыднаҵо Молдавиа уаанӡатәи ахада Игор Додон 30 мшы дырбаандаҩызарц аӡбра аднакылеит.
"Кишиневтәи аӡбарҭа ақәҵара аднакылеит апрокурорцәа рзыҳәақәа рҵаҵӷәала: Додон Игор Николи-иԥа иганахь ала 30 уахы-ҽны аҩнытә рбаандаҩра имазарц", - ҳәа аҳәоит аӡбарҭа аӡбамҭа.
Додон иакәзар адукатцәа рыла асоциалтә ҳақәа рҿы адырра ҟаиҵеит ихара ихихыр шилшо. Азинхьчаҩцәа рхымҩаԥгашьеи иара иаанкылареи уаанӡатәи ахада "рахәыц шкәакәала иеидкылоу политикатә усуп ҳәа" рхиҳәааит. Додон идҟарҵало ашьаус ареспублика уажәтәи ахада Маиа Санду лганахь ала иҿаҵоу политикатә усуп ҳәа ишьоит.
"53-ҩык апрокурорцәа сус рнапы алакуп. Дара зегьы Маиа Санду лақәшаҳаҭрала ЕАА Ацҳаражәҳәарҭаҟынтә напхгара рырҭоит. Ари аоппозициа ақәхразы имҩаԥырго политикатә усуп", - иҳәеит иара.
Аполитик асоциалистцәа Рпартиахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҿагыларақәа ирыдгыларц, агәыӷра ааирԥшит игәымшәоу апозициа нызкыло Молдавиа еилазыжьыз арежим ықәнагар шалшо азы, уи атәылауаа ирҭаххозар.
Акоррупциа иаҿагыло апрокуратура Додон дааныркылеит аҩаша, 72 сааҭ ҳәа. Амчрақәа ргәаанагарала иара закәаншьаҭада амал ирҳауан, апартиа аԥаразоужьраан аԥсадгьыл аҭира аҭыԥ аман ҳәа. Адырҩаҽны Дадон официалла ахара идырҵеит, иҩны аимдарақәа мҩаԥыргеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0