Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи аексперт Аԥсны транзитла афымцамч амҩангараҿ алшарақәа рыхә ишьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭлектропровода
Электропровода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рекспертцәа алацәажәеит Аԥсны аенергетикатә кризис ӡбашьас иамоу амҩақәа ртәы Sputnik апресс-центр аҿы, лаҵара 26 азы имҩаԥгаз авидеоцҳаҿы.
АҞӘА, лаҵара 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аенергетиказ аексперт, ажурнал "Геонэргетика.инфо" аредактор хада Борис Марцинкевич Аԥсны транзитла афымцамч амҩангараҿ алшарақәа рыхә ишьеит.

"2016 шықәсазы иаԥҵан аусутә гәыԥ, афымцамчцҳа Урыстәыла-Қырҭтәыла-Ермантәыла-Иран аргылара апроект аус адуларазы. Иран аҩадатәи ахәҭаҿы афымцамч адифицит амоуп. Иран агәаанагарала уа зылшара ҭбаау афымцамчтә обиектқәа рыргылара иаԥсам, анҭыҵынтә аиура алшозар еиҳа иманшәалоуп ҳәа. Ари амҩасырҭа ахырхарҭа шԥаҳәаақәҵахо? Еилкаауп анашьҭрақәа Урыстәылантә ишалаго. Аԥсны аҵакыра иалган агара акыр иманшәалоуп. Ари ус мариоуп избанзар фымцамчцәаҳәак ыҟоуп", - иҳәеит иара.

Марцинкевич иҳәеит лаҵара 26 азы ишхыркәшахо Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак Иран иҟазаара, агәыӷра ааирԥшит аиҿцәажәарақәа алҵшәа шрымоу азы.
"Исымоу адыррақәа рыла аусутә гәыԥ акырҵуеит имеизеижьҭеи аполитикатә хҭысқәеи Урыстәылеи Ирани асанкциақәа ахьрықәуи инарыдҳәалан. Ганкахьала ари бзиам, аҽа ганкахь ала асанкциақәа усгьы ирыдҟаҵалоуп, ус анакәха еицәоу иҟаларызеи, афымцамчцҳа амҩангараз аусурақәа урылагар ауеит. Абри аан агәахәара унаҭоит зеизыҟазаашьақәа хазынам Аԥсни Қырҭтәылеи аенергетикатә усхк аҟны русеицура", - иҳәеит аексперт.
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik авидеоцҳа Москва-Аҟәа мҩаԥысит лаҵара 26 азы абри атемала: "Аԥсны афымцамч аусхк аҟны аҭагылазаашьа. Аенергетикатә кризис алҵшьа амҩақәа". Аилацәажәара иалахәын Аԥсны аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Миквабиа, АУН "Амшынеиқәафымцамч" уаанӡатәи адиректор, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Аслан Басариа, аенергетиказ аексперт, ажурнал "Геонэргетика.инфо" аредактор хада Борис Марцинкевич.
Ажәабжьқәа зегьы
0