Америкаа амааҭ адунеи аҿы реиҳа ишьақәтәоу валиутоуп рҳәеит

© Sputnik / Владимир ТрефиловМонеты номиналом один рубль
Монеты номиналом один рубль - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи авалиута аҽахьарӷәӷәаз мзызс иамоуп аенергомҩангагақәа - анефти агази рыхә иахьацлаз ҳәа рыԥхьаӡоит аекспертцәа.
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа рҿы урыстәылатәи амааҭ адунеи аҿы реиҳа ишьақәтәоу валиутоуп ҳәа аӡбахә рҳәеит, абри атәы аанацҳауеит аекономикатә информациазы амаҵзура "Прайм", америкатәи ателеканал CBS News адыррақәа шьаҭас иганы.
Аналитикцәа иҟарҵаз аԥхьаӡарақәа рыла, ашықәс иалагеижьҭеи амааҭ ахә 40% рыла иазҳаит адоллар иаҿырԥшны, асанкциақәа аналаргалаз зыхә америкатәи ацент аиҳа еиҵаны икаҳеит, аха наҟ-наҟ иазҳауа ишааиуаз иазҳауа иахьаҿу "иааџьоушьаша хҭысуп", "уаанӡа иҟамлацыз ҭагылазаашьахеит" рҳәеит.
Аекспертцәа иазхарҵеит, урыстәылатәи амчрақәа ирыдыркыло ашьаҿақәа рыбзоурала авалиута азҿлымҳара шаиуз, уи ахә ахьеиҳахаз, убас ала, Урыстәыла аекономика аколлективтә Мраҭашәара асанкциақәа рҟынтәи рыхьчара шалыршахаз.
Монеты номиналом один рубль. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Bloomberg амааҭ адунеи аҿы иреиӷьу валиутоуп ҳәа ахнаҳәааит
Ажәабжьқәа зегьы
0