Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алашарбагатәи алхырҭа тыԥ хадаҿы алхрақәа аҩбатәи ртур арыцхә азгәаҭоуп

© SputnikПовторные выборы на Маякском округе
Повторные выборы на Маякском округе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны АКХ Аҟәа ақалақь 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Алашарбагатәи) аҟны Апарламент ахь аиҭалхрақәа реихшьаала мҩаԥнагеит.
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Алашарбагатәи алхырҭа ҭыԥ хадаҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥгахоит рашәара 11 рзы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АКХ.

Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла лаҵара 28 азы имҩаԥысыз абжьыҭараан аҩбатәи атур ахь инеит Наур Нарманиеи (776 бжьы) Леон Гәбази (695 бжьы).

Аԥсны Апарламент ахь 8-тәи алхратә ҭыԥ хадала (Алашарбагатәи) алхрақәа мҩаԥысит асабша лаҵара 28 рзы. Кандидатцәас иқәгылан: Џьансыхә Адлеиба, Ҭемыр Кәакәасқьыр, Леон Гәыбаз, Наур Нарманиа, Иракли Чачхалиа. Ауаа рнеира 55% ыҟан.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥган хәажәкыра 12 рзы. Усҟан 8-тәи алхратә ҭыԥ хада (Алашарбагатәи) аҟны иқәгылан 7-ҩык акандидатцәа.
Алхрақәа аҩбатәи атур ахь инеит ҩыџьа акандидатцәа Леон Гәбази Наур Нарманиеи. Хәажәкыра 26 рзы имҩаԥгаз аиҭалхрақәа рыҟны рҩыџьагьы абжьқәа еиҟараны ироуит, уи алагь алхрақәа мҩаԥымсӡеит ҳәа иԥхьаӡан.
Ажәабжьқәа зегьы
0