Шәача змагнитуда 3,4 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит

© Sputnik / Олег Смеречинский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШторм в Сочи
Шторм в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Шәача адгьылҵысра ҟалахьан лаҵара 22 рзы.
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Амшын еиқәа аҟынтәи фкилометрак Шәача змагнитуда 3,4 балл ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә АҶА аусбарҭа апресс-маҵзура.
Адгьылҵысра ҟалеит 17:30 рзеиԥш. Ишазгәаҭоу ала акурорт ԥырхага ҳәа акагьы амаиуӡеит, ԥсҭбара ҳәа акагь ыҟаӡам.
Лаҵарамза аҩнуҵаҟа ҩнтәуп Шәача адгьылҵысра ҟалоижьҭеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0