Гаглоев Уаԥстәыла Урыстәыла алалараз ареферендум амҩаԥгаразы аусԥҟа амчра ааникылеит

© Sputnik / Наталья Айриян / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВторой тур президентских выборов в Южной Осетии
Второй тур президентских выборов в Южной Осетии - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2022
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада ҿыц игәаанагарала, Урыстәыла азинқәеи аинтересқәеи ирыдҳәалоу апроблемақәа ганкы мацарала рыӡбара иашам.
АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада ҿыц Алан Гаглоев ареспублика Урыстәыла алалараз ареферендум амҩаԥгаразы аусԥҟа Москвеи Цхинвали рконсультациақәа хыркәшахаанӡа амчра аанкылазааит ҳәа адҵа ҟаиҵеит. Абри азы аусԥҟа нап аҵаҩуп лаҵара 30 азы.
Адокумент аҿы иарбоуп ԥхьаҟатәи аинтеграциа иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы рганахьала аконсультациақәа шымҩаԥгатәу. Ишьақәырӷәӷәоуп аконсультациақәа рымҩаԥгараз Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа аилазаара.
"Аамҭа мгакәа Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи ԥхьаҟатәи ринтеграциа иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы рганахьала аконсультациақәа мҩаԥыргароуп", - аҳәоит аусԥҟаҿ.
Иара нап анаҵаҩха инаркны амчра аиуит.
Атәыла уаанӡатәи ахада Анатоли Бибилов ԥхынгәы 17 рзы азеиԥшжәлартә бжьыҭара амҩаԥгаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩхьан. Иара иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рыстратегиатә хықәкы ҳәа ишшьоу Урыстәыла аҳәаақәа ирҭагӡаны нхыҵтәи рашьцәеи дареи реидылара, ари аԥшьгамҭа усҟантәи ахада иалхраамҭа ишадҳәалам.
Ажәабжьқәа зегьы
0