Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Ҳагба Жәлар рартист Азиз Агрба изкны

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Ҳагба Жәлар рартист Азиз Агрба изкны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә режиссиор, Аԥсны Жәлар рартист Азиз Агрба диижьҭеи 110 шықәса ҵит. Аԥсуа драматә театр актиор Кьесоу Ҳагба аҟаза ду дигәалаиршәеит арадио аефир аҟны.
Азиз Агрба далгеит Васили Домогаров напхгара ззиуаз аԥсуа драматә студиа. 1935 шықәса рзы Луначарски ихьӡ зху Москватәи атеатртә ҟазара аинститут аҟны аҵара иҵон. 1931 шықәса инадыркны Азиз Агрба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә театр аҟны актиорс дыҟан, 1939 — 1961 шықәсқәа рзы режиссиор хадас аус иуан. Иара иқәыргыламҭоуп акомедиақәа, адрамақәа.
Азиз Рашьыҭ-иԥа Агрба иҩымҭала ақәыргыламҭа "Аԥсҳа Леон актәи" ақәҿиара ду аман ахәаԥшцәа рыбжьара. Қарҭынтәи иааны иҟаз акомиссиа ахада аспектакль данахәаԥш иарктәуп иҳәеит, Азизгьы дҭактәуп ҳәа ақәиҵеит.
" …Азиз зегьы дызларылукаауаз илаз аҟазара ду, актиорра аасҭагьы арежиссиор иаҳасабала, насгьы дыҩуан, даԥхьон аԥсышәалагьы урысшәалагьы. Азиз Толстои иҩымҭақәа дышрыԥхьоз …абри асасцәа урыстәылантәи ианаауаз дҳаманы ҳцон. Аурысшәа бзиаӡаны идыруан. Аҟазара илаз адагьы иинтеллект ҳаракын. Иарбан усзаалакгьы Азиз инапы иҵихоз абри аӡыхь еиԥш ахьхьаахьаҳәа еилҷҷаауа, дџьоушьаратәы дыҟан", - иҳәеит Ҳагба.
"Аԥсуа сцена аҳ" ҳәа ззырҳәоз Азиз Агрба иқәыргыламҭоуп аспектакльқәа: "Отелло" (Шекспир), "Данаҟаи" (Миха Лакрба), "Ажәытәра иагаз" (Ӡаӡ Дарсалиа), "Асас еиқәаҵәақәа" (Гьаргь Гәлиа), "Ԥсра зқәым" (Шәарах Ԥачалиа), "Ҳауа идагәада?" (Шьоҭа Чкадуа) ухәа егьырҭгьы.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0