Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Евгени Петросиан агоспиталь иҭоу аоперациа ҷыда иалахәу аруаа рҿаԥхьа дықәгылеит

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЮбилейный вечер художественного руководителя театра "Шалом" А.Левенбука
Юбилейный вечер художественного руководителя театра Шалом А.Левенбука - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла иеицырдыруа алафҳәаҩ Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра акциа "Иреиӷьу адунеи аибашьцәа" ихы алаирхәит.
АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. Урыстәыла еицырдыруа алафҳәаҩ Евгени Петросиан Атәылахьчара аминистрра акциа далахәны Арратә клиникатә госпиталь хадаҿы зҽызхәшәтәуа аоперациа ҷыда алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгылеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.

"Сгәыӷуеит шәҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа зегь қәҿиарала ишынашәыгӡо азы. Уи акраҵанакуеит ҳажәлар рзы, ҳтәылазы. Ажәлар аҭагылазаашьа еилкааны еидгылеит", - иҳәоит иара.

Евгени Петросиан Атәылахьчара аминистрра акциа "Иреиӷьу адунеи аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны дықәгылон. Иара мҩаԥысуеит ахәцәа ргәыҟаҵараз.
Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәшәтәырҭақәа рҿы ахәцәа рҿаԥхьа иқәгылахьеит акультура, аҭҵаарадырра, аспорт аҟазауаа Екатерина Гусева, Михаил Шуфутински, Олег Рои уҳәа назлоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0