https://sputnik-abkhazia.info/20220603/khra-zlou-akhysa-kobakhiei-gabniei-asua-aurys-aa-akhysra-iazkny-1039361064.html
Хра злоу ахҭысқәа: Кобахьиеи Габниеи аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра иазкны
Хра злоу ахҭысқәа: Кобахьиеи Габниеи аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра иазкны
Sputnik Аҧсны
Аполитик, ауаажәларратә усзуҩы Аслан Кобахьиеи Аԥсны ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ, азиндырҩы Гиви Габниеи арадио Sputnik аефир аҟны аԥсуа-аурыс... 03.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-03T10:51+0300
2022-06-03T10:51+0300
2022-06-03T10:52+0300
арадио
аԥсны
хра злоу ахҭысқәа
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/02/1039361119_0:0:1921:1080_1920x0_80_0_0_ead39bf3f986ee1a17efd46a62671591.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Кобахьиеи Габниеи аԥсуа-аурыс ҳәаа аиасра иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Кобахьиеи Габниеи аԥсуа-аурыс ҳәаа аиасра иазкны
Лаҵара 25 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа алацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәеи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариареи рызҵаарақәа. Аилатәара аԥшьыргеит аԥсуа ган, уи иалахәын Жәлар Реизара адепутатцәа, аԥсуеи аурыси хықәкылатәи аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа. Аиԥылара алахәылацәа ражәақәа рыла, иаԥҵахоит аусутә гәыԥ, аԥхын аамҭаз аҳәаа аҭагылазаашьа ҭызҵаауа, анаҩстәи ашьаҿақәа аус рыдызулало. Макьаназы иҟало шыҟало инҭкааны аҳәара шыуадаҩугьы, ауаажәларраҿы аҳәаа аԥыхра азҵаара иалацәажәо иалагеит. Иаԥеиԥшуи ари апроект? Белоруссиа аҿырԥшы ҳара иабанӡаҳнаало? Насгьы иахьа зыӡбахә рҳәо арԥсыҽрақәа аҳәынҭқарра астатус ианыԥшуама? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи ирылацәажәеит арадио аефир аҟны 1995 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс иҟаз, аполитик, ауаажәларратә усзуҩы Аслан Кобахьиеи Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ, азиндырҩы Гиви Габниеи.Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/02/1039361119_22:0:1729:1280_1920x0_80_0_0_6808f18602812ca3f8b83ff19de6f682.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, хра злоу ахҭысқәа, аподкаст, аудио
аԥсны, хра злоу ахҭысқәа, аподкаст, аудио
Хра злоу ахҭысқәа: Кобахьиеи Габниеи аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра иазкны
10:51 03.06.2022 (ирҿыцуп: 10:52 03.06.2022) Аполитик, ауаажәларратә усзуҩы Аслан Кобахьиеи Аԥсны ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ, азиндырҩы Гиви Габниеи арадио Sputnik аефир аҟны аԥсуа-аурыс ҳәаа аиасра иазку азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Лаҵара 25 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа алацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәеи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариареи рызҵаарақәа. Аилатәара аԥшьыргеит аԥсуа ган, уи иалахәын Жәлар Реизара адепутатцәа, аԥсуеи аурыси хықәкылатәи аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа. Аиԥылара алахәылацәа ражәақәа рыла, иаԥҵахоит аусутә гәыԥ, аԥхын аамҭаз аҳәаа аҭагылазаашьа ҭызҵаауа, анаҩстәи ашьаҿақәа аус рыдызулало. Макьаназы иҟало шыҟало инҭкааны аҳәара шыуадаҩугьы, ауаажәларраҿы аҳәаа аԥыхра азҵаара иалацәажәо иалагеит. Иаԥеиԥшуи ари апроект? Белоруссиа аҿырԥшы ҳара иабанӡаҳнаало? Насгьы иахьа зыӡбахә рҳәо арԥсыҽрақәа аҳәынҭқарра астатус ианыԥшуама? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи ирылацәажәеит арадио аефир аҟны 1995 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс иҟаз, аполитик, ауаажәларратә усзуҩы Аслан Кобахьиеи Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ, азиндырҩы Гиви Габниеи.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.