https://sputnik-abkhazia.info/20220606/asny-amshtsgaa-raan-akhasa-zauz-auaasyra-reiarayk-asharatsaa-ryoup-1039428356.html
Аԥсны амшцәгьақәа раан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра реиҳараҩык ашәарацҵақәа рыҭоуп
Аԥсны амшцәгьақәа раан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра реиҳараҩык ашәарацҵақәа рыҭоуп
Анапхгара рыхәшьарала, аԥхынра 2021 шықәсазы иҟаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны ауааԥсыра рынхарҭақәа 93, 6 миллион мааҭ рыхә аԥхасҭа роуит. 06.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-06T18:00+0300
2022-06-06T18:00+0300
2022-06-06T19:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101927/35/1019273561_0:0:1033:581_1920x0_80_0_0_984ea076176e7a9519b55aa963624d0e.png
АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik. Аԥсны 2021 шықәсазы амшцәгьақәа раан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра 99% ашәарацҵақәа рыҭоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба."Атәыла ахада иусԥҟа анагӡаразы Аԥсны аԥыза-министр хәҭа-хәҭала ацхыраара аҟаҵаразы аамҭеихшара шьақәирӷәӷәеит. Аҵыхәтәантәи, ихыркәшахо ахәҭа азгәаҭоуп лаҵара 1 ҳазҭоу ашықәс азы. Иахьатәи аамҭазы 652-ҩык 92, 2 миллион мааҭ рыхә ацхыраара рыҭоуп. Ашәарацҵақәа рыҭара аамҭеихшара иаԥнагоит уҳәар ҟалоит", - иҳәеит иара.Делба инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҵыхәтәанынӡа ацхыраара шрыҭоу Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыԥшьи Очамчыреи рраионқәа руааԥсыра.Аҟәа инхо, ацхыраара зыхәҭоу 266-ҩык рҟынтәи иахәҭаз ашәҟәқәа аарымгеит 12-ҩык. Аинформациа шааилак дара аматериалтә цхыраара рзхыԥхьаӡалахоит."Аҭагылазаашьа чыдақәеи амшцәгьақәеи рхҟьаԥҟьақәа аԥыхразы аҳәынҭқарратә комиссиа иҟанаҵаз алкаала ауааԥсыра рыцхырааразы иаҭахәуп 284,8 миллион мааҭ. Арҽеиратә-шьақәыргыларатә усурақәа ирзырхахоит 175,6 миллион мааҭ, аматериалтә цхырааразы- 109,2 миллион мааҭ", - иҳәеит аԥыза министр ихаҭыԥуаҩ.2021 шықәса аԥхынразы Аԥсны амшцәгьақәа аҭыԥ рыман - лаҵарамза анҵәамҭазы, иара убас нанҳәамзазы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101927/35/1019273561_108:0:883:581_1920x0_80_0_0_b7473dbd9c76d839a5b6c4a3da01d67d.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны амшцәгьақәа раан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра реиҳараҩык ашәарацҵақәа рыҭоуп
18:00 06.06.2022 (ирҿыцуп: 19:15 06.06.2022) Анапхгара рыхәшьарала, аԥхынра 2021 шықәсазы иҟаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны ауааԥсыра рынхарҭақәа 93, 6 миллион мааҭ рыхә аԥхасҭа роуит.
АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik. Аԥсны 2021 шықәсазы амшцәгьақәа раан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра 99% ашәарацҵақәа рыҭоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
"Аԥхасҭа зауз аматериалтә цхыраара рыҭан ареспубликатә биуџьет аҟынтә".
"Атәыла ахада иусԥҟа анагӡаразы Аԥсны аԥыза-министр хәҭа-хәҭала ацхыраара аҟаҵаразы аамҭеихшара шьақәирӷәӷәеит. Аҵыхәтәантәи, ихыркәшахо ахәҭа азгәаҭоуп лаҵара 1 ҳазҭоу ашықәс азы. Иахьатәи аамҭазы 652-ҩык 92, 2 миллион мааҭ рыхә ацхыраара рыҭоуп. Ашәарацҵақәа рыҭара аамҭеихшара иаԥнагоит уҳәар ҟалоит", - иҳәеит иара.
Делба инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҵыхәтәанынӡа ацхыраара шрыҭоу Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыԥшьи Очамчыреи рраионқәа руааԥсыра.
Аҟәа инхо, ацхыраара зыхәҭоу 266-ҩык рҟынтәи иахәҭаз ашәҟәқәа аарымгеит 12-ҩык. Аинформациа шааилак дара аматериалтә цхыраара рзхыԥхьаӡалахоит.
"Аҭагылазаашьа чыдақәеи амшцәгьақәеи рхҟьаԥҟьақәа аԥыхразы аҳәынҭқарратә комиссиа иҟанаҵаз алкаала ауааԥсыра рыцхырааразы иаҭахәуп 284,8 миллион мааҭ. Арҽеиратә-шьақәыргыларатә усурақәа ирзырхахоит 175,6 миллион мааҭ, аматериалтә цхырааразы- 109,2 миллион мааҭ", - иҳәеит аԥыза министр ихаҭыԥуаҩ.
2021 шықәса аԥхынразы Аԥсны амшцәгьақәа аҭыԥ рыман - лаҵарамза анҵәамҭазы, иара убас нанҳәамзазы.