Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Касланӡиа еиҭеиҳәеит алагарҭатә школқәа рзы аԥсшәазы арҵага шәҟәы аԥсахра азҵаара атәы

Касланӡиа еиҭеиҳәеит алагарҭатә школқәа рзы аԥсшәазы арҵагатә шәҟәы аԥсахра азҵаара атәы
Анапаҵаҩра
ААУ аҟны ихацыркуп ҳтәыла ашколқәа рҟны аус зуа алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа рдыррақәа реизырҳаразы акурсқәа. Иабанӡацхыраагӡоу урҭ, иарбан иҭырҵаауа абызшәадырыҩцәеи арҵаҩцәеи, абри атәы еиҭеиҳәеит, ААУ апедагогика акафедра анапхгаҩы Алықьса Касланӡиа.
Акурсқәа мҩаԥнагоит ААУ аҟны иҟоу аквалификациа аизырҳареи аспециалистцәа реиҭазыҟаҵареи ирызку Ареспубликатә центр. Урҭ ирылахәуп 52-ҩык арҵаҩцәа.
Алықьса Касланӡиа иҳәеит акурсқәа ишрыԥхьо арҵагатә шәҟәқәа реиқәыршәаҩцәеи астудентцәа аус рыцызуеи.
"Арҵаҩцәа рдырра аизырҳара азҵаара – аҭакԥхықәра ду зду акоуп. Убри аҟнытә иахьатәи акурсқәа ҭакԥхықәрала ҳрызнеиуеит. Сара хаҭала лекциа ҳасабала акәым ишымҩаԥызго, араҟа еилҳаргоит дара арҵаҩцәа ирызцәырҵуа азҵаарақәа. Ари акурсқәа рҿы аԥышәа змоу арҵаҩцәеи теориала ари амаҭәар здыруеи реимадара иазырхоуп", - ҳәа иҳәеит Касланӡиа.
ААУ апедагогика акафедра анапхгаҩы ахәыҷқәа абызшәа бзианы иахьырзымдыруа иахҟьаны арҵагатә шәҟәқәа рыԥсахара азҵаара атәы далацәажәеит.
"Иахьа даҽакала ишьақәыргылатәуп арҵагатә шәҟәы аԥсуа бызшәа рызнагаразы алагарҭатә школқәа рҿы. Уажәы абызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иаҳа еиҳахеит, убри аҟынтә, арҵагатә шәҟәгьы зынӡагьы имырԥсыҽкәа, аха иаҳа ирмарианы, бжьаратәла аиқәыршәара ҳаҿуп. Арҵаҩцәеи ҳареи еилҳаргоит аматериалқәа, ари уадаҩуп, иаҭахым, ари рылшоит ҳәа ззырҳәо ҳазхәыцны ҳазнеиуеит. Аӡәи-аӡәи ҳаизҵааны, бжьаратәла ишьақәҳаргыларц ҳҭахуп", – ҳәа еиҭеиҳәеит Касланӡиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0