Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алашарбагатәи алхырҭа тыԥ хадаҿы алхрақәа аҩбатәи ртур абжьыҭара иалагеит

© SputnikПовторные выборы на Маякском округе
Повторные выборы на Маякском округе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2022
Анапаҵаҩра
Алашарбага иаҵанакуа алхырҭатә ҭыԥқәа рыԥшьбагьы рышәқәа аатит асааҭ 8:00 рзы.
АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik. Аԥсны Апарламент ахь абжьыҭара аҩбатәи атур иалагеит 8-тәи алхратә ҭыԥ хадаҟны (Алашарбагатәи).
Алхратә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 8:00 рҟынӡа.
Алхрақәа ирылахәуп ҩыџьа акандидатцәа - Леон Гәбази Наур Нарманиеи.
Аԥсны Апарламент ахь 8-тәи алхратә ҭыԥ хадала (Алашарбагатәи) аиҭалхрақәа мҩаԥган лаҵара 28 рзы. Хәҩык акандидатцәа ықәгылан. Ауаа рнеира 55% ыҟан.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥган хәажәкыра 12 рзы. Усҟан 8-тәи алхратә ҭыԥ хада (Алашарбагатәи) аҟны иқәгылан 7-ҩык акандидатцәа.
Алхрақәа аҩбатәи атур ахь инеит ҩыџьа акандидатцәа Леон Гәбази Наур Нарманиеи. Хәажәкыра 26 рзы имҩаԥгаз аиҭалхрақәа рыҟны рҩыџьагьы абжьқәа еиҟараны ироуит, уи алагь алхрақәа мҩаԥымсӡеит ҳәа иԥхьаӡан.
Алашарбагатәи алхырҭатә ҭыԥ хада адагьы, аиҭалхрақәа мҩаԥысит 18-тәи аҭыԥ хадала (Гәдоуҭатәи актәи ақалақьтә) лаҵара 14 азы. Уаҟа депутатс далырхит Леонид Лакербаиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0