Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Мгәыӡырхәа зыҩны блыз аҭаацәа Гәдоуҭа анапхгара афинанстә цхыраара рзыҟарҵоит

© Foto / МЧС АбхазииПожар в селе Мгудзырхуа
Пожар в селе Мгудзырхуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2022
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан ҩбаны еихагылаз ахатәыҩны амца кны иблит рашәара 2 ауха.
АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik. Гәдоуҭа анапхгара афинанстә цхыраара рзыҟарҵоит Мгәыӡырхәа ақыҭан зыҩны блыз аҭаацәара ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ахада Баграт Боџьгәуа.
Иара убсгьы иазгәеиҭеит ааигәа абылра иақәшәаз Еныкьаа рҭаацәа ирҭааны ишрацәажәаз.
"Аҩны аиҭашьақәыргылара ауӡом, аха АҶА аусзуҩцәа рыбзоурала иавагылаз амаҵурҭахь амца нармышьҭит. Ҳара иҳаӡбеит аҩны аргылара иаҭаху амаҭәахәқәа злаархәаша абиуџьет аҟынтәи аԥара азоуҳажьырц. Иара убас Риҵатәи амилаҭтә парк анапхгара ҳрыҳәеит ари аус аҟны иҳацхраарц", - иҳәеит Боџьгәуа.
Араион ахада иажәақәа рыла, аусура амҽхаки аԥара аныхтәи шьақәдаргылоит акомиссиа ҷыда.
"Анцәа иџьшьаны аӡгьы машәыр имыхьӡеит. Аҩны иахуп аешьеи аеҳәшьеи рымацара. Абылра аныҟалаз аешьа иакәын аҩны иҟаз аеҳәшьа рыуацәақәак рахь сасра дыҟан", - иҳәеит Боџьгәуа.
Ҩбаны еихагылоу ахатәы ҩны иқәццышәаа иблит рашәара 2 ауха Мгәыӡырхәа ақыҭан. Аԥсны АҶА адыррақәа рыла, амцарцәаҩцәа асааҭ 01:45 рзы адырра шроуз ашәа амҩа иқәлеит. Амца дырцәон Гәдоуҭатәи амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба, аха дара уахь ианнеиз амца аҩны зегь амҽханакхьан.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла амцакра ахҟьеит афымцацәаҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0