Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алхратә комиссиа хада Наур Нарманиа Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс дҭарҩит

© Sputnik / Томас Тхайцук ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2022
Анапаҵаҩра
Алхратә ҭыԥ хада №8 (Алашарбагатәи) аҿы апарламенттә алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысит асабша рашәара 11 рзы.
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада Аԥсны Апарламент адепутатс ашәҟәы дҭарҩит Наур Нарманиа.
Наур Нарманиа рыбжьы ирҭеит 1149-ҩык алхыҩцәа. Зынӡа рыбжьы арҭеит 2243-ҩык.
40 биуллетен ииашаны ихарҭәаамызт ҳәа иԥхьаӡан.
АКХ адыррақәа рыла, зынӡа абжьыҭара азин рыман 4059-ҩык.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуан хәажәкыра 1 рзы. Усҟан 8-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы иқәгылан быжьҩык акандидатцәа.
Аҩбатәи атур ахь инеит ҩыџьа - Леон Гәбази Наур Нарманиеи. Хәажәкыра 26 рзы аиҭалхрақәа раан рыҩкандидаткгьы абжьқәа еиҟараны ироуит. Убри азы алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа иԥхьаӡахеит.
Алашарбагатәи алхратә ҭыԥ хадаҿы адагьы, аиҭалхрақәа мҩаԥысит лаҵара 14 рзы алхратә ҭыԥ хада №18 (Гәдоуҭатәи актәи ақалақьтә) аҿы. Усҟан уа далырхит Леонид Лакербаиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0