Здание репатриации - Sputnik Аҧсны, 1920
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

"Диаҭымны дыхҵәеит": ҳџьынџьуаҩ Ирфан Сымсым иабдуи иҭаацәареи рҭоурых иазкны

© Foto / Ирфан СымсымИрфан Сымсым иҭаацәеи иареи
Ирфан Сымсым иҭаацәеи иареи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2022
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны акорреспондент Саида Жьиԥҳа ҳазҭоу мызкы ахы-аҵыхәала Ҭырқәтәыла лыҟазаара иалагӡаны иҳадылгалалоит ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ирызку анҵамҭақәа. Иахьатәи лматериал изкуп ҳџьынџьуаҩ Ирфан Сымсым.
Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа! Ҭырқәтәыла сыҟазаара иалагӡаны, мызкы аҩнуҵҟа шәара ишәымазаауеит алшара Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны асаит аҟны Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа гәыԥҩыуаак рыԥсҭазаареи рабдуцәа рнысымҩеи ирызкны иаасышьҭло анҵамҭақәа арыԥхьара. Иахьа ишәыдызгалоит Қарадере ақыҭан инхо, 82 шықәса зхыҵуа Ирфан Мемеҭ-иԥа Сымсым Аԥснынтәи амҳаџьырра иагаз иабду Ҭебеқьи егьырҭ иеиҳабацәеи ирызку игәалашәарақәа.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аамҭала Аԥсны, Калдахәара ақыҭан инхоз, аашықәса зхыҵуаз Ҭебеқь хәыҷы иани иаби аниԥха, иаб иашьцәа Мачагәеи Дамеии иааӡара рҽазыркит, аха хара имгакәа ҳтәыла арыцҳара ду аԥеиԥшхеит. Иалагеит аԥсуа жәлар атәым ҳәынҭқаррақәа рахь рхырҵәара. Зқәыԥшра иҭагылаз Мачагәеи Дамеии рыуаажәлар аӷьырак ирыхәҭакны Ҭырқәтәылаҟа иқәымҵыр амуит, хымԥада, уахь дыргеит рашьа иԥагьы. Гәаҟрала аԥсҭазаара ана-ара ишкыднаҟьоз, Сымсымаа аԥсуаа аӡәырҩы реиԥш, Қарадере (аԥсшәахь еиҭаугозар Акәара еиқәаҵәа) ақыҭахь иқәнагалеит.
"Мачагәеи Дамеии Ҭырқәтәыла рыбзазара маҷк ианеиҿыркаа, иҭаацәарахеит. Мачагәа диразҟхеит Уасса зыжәлаз аубых ҭыԥҳа, Дамеи иакәзар, аԥсуаа ирхылҵшьҭроу Аиқәысԥҳак. Анаҩс Сымсымаа еиҵыҵуа ианалага, "Сымсымаа ртәарҭа" ҳәа изышьҭаз аҭыԥ аҟынтә рҽеиҩшаны анхамҩақәа аԥырҵеит. Иахьа Қарадере ақыҭан иҟоу Мачагәеи сара сабду Ҭебеқьи рыхшареи рмаҭацәеи ҳауп, Дамеи иҟынтә ицо абиԥара нхоит Ақбалық ақыҭан", - еиҭеиҳәоит сажәабжьҳәаҩ Ирфан Сымсым.
© Foto / Ирфан СымсымИрфан Сымсым
Ирфан Сымсым  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2022
Ирфан Сымсым
Ҭебеқь иаб иашьцәа дырҿыҵны, ирцәыхарамкәа бнарак аҟны адгьыл ылхны анхамҩа ҿыц шьақәиргылеит. Дышқәыԥшӡазгьы, инасыԥ ичаԥеит, иԥсҭазаара ицеиҩылшеит аԥсуа ԥҳәызба Аҭие Ашәԥҳа. Аха, рыцҳарас иҟалаз, Ҭебеқь 20 шықәса анихыҵ, арра маҵурахьы иԥхьеит. Ԥшьышықәса ааҵуаны ачымазара иахырҟьаны иҩныҟа дшаазгьы, ишьапы дықәгыло даныҟала, Иемен аибашьра дрышьҭит, ус хабарда дыбжьаӡуеит. Уи аамҭазы иара ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи драбын.
"Санду Аҭие Ашәԥҳа хҩык ахшара ршьапы иқәлыргылар акәхеит. Ахәыҷқәа рааӡараҿы хымԥада лабхәараа лыцхраауан. Усҟан адгьыл иқәаарыхны, арахә-ашәахә ааӡаны акәын ауаа рхы шырбоз. Иуадаҩын уахи-ҽни махәҿала акраура, нас аҩны аҩнуҵҟа аиҿкаара аԥҵара. Аха ус егьа иҟазарагьы, лыхшара анлыхьӡа, иарӷьажәҩаны иаалывагылеит. Санду саргьы сылхаанхеит. Злеишәа џьбараз аӡә лакәын. "Иааснышәычҳа, аиаҭымцәа рааӡара мариазма" ҳәа лхы данахашшаауаз дрыцҳаҳшьон. Иахьагьы лаӷырӡыда сгәалашәараҿы дысзаагаӡом", - иҳәоит амаҭа Ирфан Сымсым.
Аҭие лыҷкәынцәа дреиҳабын Мемеҭ, уи сажәабжьҳәаҩ иаб иоуп. Иара наҟ-наҟ диразҟхеит Шьефрие Кәпалԥҳа. Жәҩык ахшарагьы рхылҵит, ҩыџьа аԥацәеи фҩык аԥҳацәеи. Мемеҭ иаб Ҭебеқь иеиԥш бнара ҭыԥк ылхны, адгьыл ду хиртит. Ӡыда фымцада дшыҟазгьы, арахәи аԥсасеи анҵаны, адгьыл дықәаарыхны анхамҩа аԥиҵеит, аҩны иргылеит, ихшара иааӡеит, аҵара дирҵеит. Араҟа иахьагьы рыхәҭа ыҟоуп ихылҵыз зегьы. Еиҳабыс аҩны дахуп иԥа Ирфан Сымсым.
© Foto / Мемет Сымсым

Шьефрие Кәпалԥҳа лыхшареи лареи

Шьефрие Кәпалԥҳа лыхшареи лареи - Sputnik Аҧсны
1/2

Шьефрие Кәпалԥҳа лыхшареи лареи

© Foto / Ирфан Сымсым

Мемеҭ Сымсым

Мемеҭ Сымсым - Sputnik Аҧсны
2/2

Мемеҭ Сымсым

1/2

Шьефрие Кәпалԥҳа лыхшареи лареи

2/2

Мемеҭ Сымсым

"Ҳанхамҩа иаакәыршаны зехьынџьара ахьаҭрақәеи арасаҭрақәеи ыҟоуп. Ҳаб иҵкару зегьы ишырҭаху рхы иадырхәоит. Ҳазегьы агәараҭаҟны ҳанеизо ианҳгәаламшәо ыҟам еиҭымрала изызҳаз ҳаиҳабацәа. Ҳабду Ҭебеқь рыцҳа дшысабиз аиаҭымра илахь ианын, ианизҳахгьы, атәым дгьыл аҟны аҭахара илахьынҵахеит. Сара ҳазшаз иҭабуп ҳәа иасҳәоит иахьа уажәраанӡа ҳабду иԥсы мырԥхашьакәа ҳахьааиго", - инаҵишьит амаҭа.
Ирфан Сымсым иажәа иалаҵаны иҳәеит ари агәараҭаҟны аԥсыӡ агьама шырымбоз, "амҳаџьырра аан амшын иахәлабгоз ҳашьцәа зфаз" ҳәа иԥхьаӡаны.
Ирфан ианду Аҭие Ашәԥҳа лажәа џьбара иалҵшәаны лмаҭацәа реиҳараҩык аҵараиурҭақәа ирылгеит. "Аҵара шәҵа, акәымзар ҳара ҳаиԥш аџьабаа шәаҵазаауеит" ҳәа ралҳәозаарын. Ирфан Сымсым аспорт ахырхарҭала ауниверситет далгеит. 34 шықәса ашкол аҟны ахәыҷқәа абаҩрҵәыра рзымҩаԥигон. Иахьа иара ишьҭра дхуп иԥа Озгьиур. Аԥхьанатә рҵаҩыс аус зуаз иахьа Сақариа араион аҟны ашколқәа руак директорс дахагылоуп, убри инаваргыланы, Озгьиур Сымсым иаԥҵаны имоуп аԥсуа милаҭтә кәашара ансамбль.
© Foto / Мемет СымсымОзгьиур Сымсым иԥеи иареи
Озгьиур Сымсым ип,еи иареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2022
Озгьиур Сымсым иԥеи иареи
Ирфан Сымсым динасыԥхеит Севим Сергьегьиаԥҳа. Ишысҳәаз еиԥш дара дрымоуп аԥа Озгьиур, убас аԥҳа Берна. Рԥа иҟнытә изҳауеит амаҭа. Ирфан Аԥсны дшазхьаауазгьы иблала иџьынџьдгьыл ибартә еиԥш изыҟамлеит. Аус аниуаз аҳәынҭқарра азин инамҭеит аҳәаанырцә ацара. Аха ихшара рымҩақәа аатуп. Рабдуцәа рыдгьыл изныкымкәа иаҭаахьеит.
© Foto / Ирфан СымсымИрфан Сымсым иҭаацәеи иареи
Ирфан Сымсым иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2022
Ирфан Сымсым иҭаацәеи иареи
Сымсымаа ахьынхо ақыҭа Карадере, Ҭебеқь ихаан ԥсыуа ида даҽа милаҭуаҩык дубомызт. Ус иҟан акраамҭа. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы араҟа амилаҭ еилаԥса ҟалеит. Маҷ-маҷ аԥсуаа ықәҵуа иалагеит. Ирфан иажәақәа рыла, 80 ԥсыуа нхамҩа ахьыҟаз иахьа еиқәуԥхьаӡо уалагар, угәы каҳауеит.
"Ҳқыҭаҟны абыргцәагьы маҷхеит. Ақәра зманы ҳәа иҟоу, 80 ирҭысхьоу Ҭуран Қьҭаси сареи ҳауп. Аҿар ауниверситетқәа ианрылгалак ақалақьқәа рҿы иаангылоит. Иҟоуп Европаҟа ицо. Ҭырқәтәыла аԥсуа қыҭақәа ақәӡӡаара амҩа иануп. Ус иҟалар, ҳбызшәагьы зынӡа алахьынҵа еиқәаҵәахоит", - игәы иалоу далацәажәоит абырг.
Карадере иахьазы инхо аԥсуа жәлақәа ҳәа Ирфан Сымсым исзеиқәиԥхьаӡаз иреиуоуп: Ҭыршаа, Кәыдаа, Сымсымаа, Хынҭәаа, Нанаа, Самеихәаа, Қьҭасаа, Ерымхәаа.
ИАЦУ
Ирфан Сымсым тәанчара данца, ақыҭанхамҩа еиҳа инапы адикылеит. Иуҭраҟны иззымҳауа арбану. Саргьы Аԥснынтәи саннеиуаз, "аԥсуа ҟәыд" ҳәа изышьҭоу ажәла изызган, дныҳәа-ныԥхьо илеиҵеит. "Сыдгьыл гәакьахь сзымцазаргьы, уи аҟәырҷаха арахь исзааит" ҳәа арыцқәа акакала дрыгәӡуа акәын идгьыл чашә ишыҵеиҵоз.
© Foto / Ирфан СымсымИрфан Сымсым
Ирфан Сымсым  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2022
Ирфан Сымсым
Ажәабжьқәа зегьы
0