Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габелиа Мықә иԥшааз ахраҿазы: уажәраанӡа аиԥш зеиԥшу Аԥсны иԥшаамызт

Габелиа Мықә иԥшааз ахраҿазы: аиԥш зеиԥшу макьана Аԥсны иԥшаамызт
Анапаҵаҩра
Ааигәа Мықә ақыҭан анхаҩы адгьылтә усурақәа анымҩаԥигоз аамҭазы ижәытәӡатәиу ахраҿа иԥыхьашәеит. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алик Габелиа арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥшаамҭа аҵакы атәы.
Аԥшаамҭа аҵакы дууп избанзар, аиԥш зеиԥшу уажәраанӡа иԥшаамызт, аџьаз иалхуп, акәша-мыкәша даара иқәҵаны, ирԥшӡаны иҟаҵоуп иҳәеит Габелиа.
"Аекспедициа ҳасабала аҭыԥ ахь ҳцар ҳҭахуп, аԥшаарақәа мҩаԥугартә иҟазар - еиҿаҳкаарц ҳгәы иҭоуп", - азгәеиҭеит Габелиа.
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат иажәақәа рыла, аиԥш зеиԥшу Урыстәыла аукцион аҿы ирҭииуан, уи амонголцәа раамҭа -13-15 ашәышықәсқәа ирыҵанакуеит, аха Мықә иԥшааз ахраҿы жәытәӡатәиуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
"Ахраҿа аныҳаӡәӡәа ашьҭахь ашьапаҿы анбан "А" ацәаара ҳбеит. Амаҭәар џьарантә иаанагазар ҟалоит, аха ара инхозгьы уи рзыҟаҵомызт узҳәом", - азгәеиҭеит Габелиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0