Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Жорданиа еиҭеиҳәеит х-фестивальк рҳәаақәа ирҭагӡаны Аурыс театр имҩаԥнаго ақәгыларақәа

Жорданиа еиҭеиҳәеит аурыс театр имҩаԥнаго ақәгыларақәа х-фестивальк аҳәаақәа ирҭагӡаны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр Урыстәыла имҩаԥнаго аныҟәарақәа ртәы, уаҟа ишрыдыркыло насгьы уи ҵакыс иамоу арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит атеатр арежиссиор, актиор Џьамбул Жорданиа.
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр Урыстәыла х-фестивальк рҳәаақәа ирҭагӡаны ақәгыларақәа имҩаԥнагоит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Жорданиа.
"Керч иҟаз агәыԥ иалахәын афестиваль антикатәи алитература, апиесақәа ирызку. Ажәытәтәи амфитеатр аҿы ахәаԥшцәа идырбан "Електра". Даара аҵакы змоу фестивальны иҟоуп, ҳара ҳазгьы ус акәын. Ахҳәаа бзиақәа аиуит ҳақәыргыламҭа", - ҳәа азгәеиҭеит Жорданиа.
Анаҩс атеатр алахәуп "Аурыс театрқәа аҳәаанырцә" захьӡу афестиваль. Уа ахәаԥшцәа идырбахоит "Кьоџьаа рҭыӡшәа", "Ишьаарҵәыроу ачара".
"Аспектакльқәа рҿы иалагалоуп актиорцәа ҿыцқәа. Аха, ҳазыҟаҵоуп, аӡәы дҳарԥхашьарым", - ҳәа иҳәеит Жорданиа.
Аҵыхәтәаны Аурыс театр алахәуп Урыстәыла акультура аминистрра имҩаԥнаго атеатрқәа реиҭанеиааира иазку, "Большие гастроли" захьӡу апрограмма.
"Ари апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҭаху ахарџь зегьы Урыстәыла аминистрра ахахьы иагоит. Ҳаҩаӡара ргәаԥхоит аҟынтә сынтәагьы ҳалахәуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Жорданиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0