Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Нинуа Аҟәатәи азеиԥштә арратә ҵараиурҭазы: иҭало зегьы залгом

Нинуа Аҟәатәи азеиԥштә арратә ҵараиурҭазы: иҭало зегьы залгом
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥштә арратә дҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа аиҳабы Игор Нинуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, сынтәатәи зҵарашықәс хзыркәшаз аушьҭымҭацәа анаҩс рхы ахьдырхо, ҿыц иааиуа махашьахала рыӷәӷәара акырӡа шаҵанакуа, насгьы аҵара процесс шеиҿкаау.
"Аушьҭымҭацәа зегьы ирыҭоуп раԥхьатәи рчын, анаҩс атәылахьчара аминистрра адҵала иахыԥхьаӡалахоит архәҭақәа. Доусы хатәгәаԥхарала иалырхуеит архәҭа, иҟоуп атәылахьчара аминистр идҵалагьы ианақәшәо. Ҳҵаҩцәа зегьы акы алкааны ирымоуп ҳәа сызҳәом, дара иалырхуа ахырхарҭақәа еиуеиԥшым", - ҳәа азгәеиҭеит Нинуа.
Иара убасгьы дазааҭгылеит аҵараиурҭа иҭалар зҭаху рымаха-рышьаха агәӷәара шхымԥадатәиу.
"Актәи акурс инаркны аԥшьбатәи аҟынӡа изымнеиуа рацәоуп. Раԥхьатәи амз иалагӡаны ицо рацәаҩуп. Абаҩарҵәыра аганахьала ирзычҳаӡом, апсихологиа аганахьалагьы иԥҽуа ыҟоуп. 50-ҩык ҭалар, 20-ҩык роуп иалго", - ҳәа иҳәеит Нинуа.
Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥштә арратә дҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа аиҳабы еиҭеиҳәеит, акурсантцәа рымш шышьақәгылоу, аҵара шеиҿкаау, насгьы рыкрыфара зеиԥшроу.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0