Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ҳәаса какал" - аҳәаса иалоу абзиарақәеи аҳәаса сыӡбали

© Sputnik / Мадина Хагба Зеленная алыча
Зеленная алыча  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәаса хаа иалхны ашәырӡқәа адыркуеит, хазы алаҳарҩа, ахәырмарҩа, аҵәарҩа шыҟарҵо еиҧш, аҳәасагьы ирҩаны изҵәахуа ыҟоуп аӡынтәи ахәы ҳәа. Уажәааны иҟало ахәаса иазкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.
"Иҵәыҵәу ахаа"
Раԥхьа ашәыр аҟалара ианалаго, цқьа ишәны иҟалаанӡагьы уи агьама абара иазчычоуп ахәыҷқәа. Уахьрыхәаԥшуа, рыбзи рқьышәи ааихьшьуа иахьҷамҷамуа, ашьақар злыҵәҵәа ицо, ихааӡа иҟоу акы рфо џьушьап. Аҳәаса-ҵәыҵәматаҟьӡа, мамзаргьы аҵәа-пера зхәыҷра иаламыз аԥсыуак дыҟамзар ҟалап. Атәым милаҭ, "ари зларфои?" ҳәа иахәаԥшуазар, аԥсуаа уи афатәхкқәагьы алырхуеит.
Зегь реиҳа ахархәара зманы иҟоу аҳәаса сыӡбал ауп. Уажәааны аҳәаса сыӡбал аршра иаамҭоуп. Иџьаушьаратәы азҿлымҳара амоуп, ҳџьынџьуаа аҳәаса сыӡбал шдыршуа ҳәа еиҭарҳәо. Уи иаабац аҳәаса аршышьа еиҧшым, иара иарҭоит ашылагьы ахарҵәгьы.
© Sputnik / Мадина Хагба

Асыӡбал злырхуа абҳәаса иаҵәа

Асыӡбал злырхуа абҳәаса иаҵәа - Sputnik Аҧсны
1/3

Асыӡбал злырхуа абҳәаса иаҵәа

© Sputnik / Марианна Кубрава

Асыӡбал злырхуа абҳәаса иаҵәа

Асыӡбал злырхуа абҳәаса иаҵәа - Sputnik Аҧсны
2/3

Асыӡбал злырхуа абҳәаса иаҵәа

© Sputnik / Марианна Кубрава

Абҳәаса дыршуеит асыӡбал алырхырц

Абҳәаса дыршуеит асыӡбал алырхырц - Sputnik Аҧсны
3/3

Абҳәаса дыршуеит асыӡбал алырхырц

1/3

Асыӡбал злырхуа абҳәаса иаҵәа

2/3

Асыӡбал злырхуа абҳәаса иаҵәа

3/3

Абҳәаса дыршуеит асыӡбал алырхырц

"Абынҳәаса ахәҵәқәа аамхны, иӡәӡәа, ирыцқьа, иҟауҵау иазыбзиахо, ҭенџьырк инҭаҧса, иазхашаӡы аҵаҭәа, амҳаҵәк аҟара шыла, агәӡа бырфын лыхәҭа икылхыу, ишыхьшәашәоу иаласаны, ишаанӡа еилырхуа, илыршуеит, аҳәаса аҵәыҵәыра ишахәҭоу аҟалара иахәарҭоуп. Аҳәаса аныжәлак, иџьаџьоу лыхәҭак икылхны, ацәеи агәаӷьи еилыиххуеит, ипашәӡа иҵәыу ахырҵәы ааҩны, аҳәаса алыхәҭа икылылхызгьы иаргьы еилаҭәа, иахәҭоу аҟара аџьыкҵәаҵәа наҭаны, аџьымшьҿа, аџышҿа, ахәсхәа ҿа еилаххны иаҭа, еиларҩынтны иааурмазеиуеит" - ҳәа ҳаҧхьоит Руслан Гәажәба ишәҟәаҟны, ҳҳьынџьуаа рҟынтәи еизгоу анҵамҭақәа рҿы.
Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп! - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2023
"Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп!" - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз
Аҳәаса сыӡбал анеҩсгьы, аҳәаса ахаа хкқәа иреиуоу рыла ашәырӡқәа адыркуеит, хазы алаҳарҩа, ахәырмарҩа, аҵәарҩа шыҟарҵо еиҧш, аҳәасагьы ирҩаны изҵәахуа ыҟоуп аӡынтәи ахәы ҳәа.
Иазгәаҭатәуп аҳәаса (абҳәаса) жәлар рмедицина аҟынгьы ахархәара шамоу. Иара иалоу абзиарақәа рацәоуп, ауаҩы игәабзиара иазеиӷьуп, уимоу иҭеиҭыԥш, ицәеижь азынгьы ихәарҭоуп.
"Ҳәаса-какал"
Аԥсуаа рхәыҷы хәмаррақәа иреиуоуп "ҳәаса-какал" ҳәа изыхьӡныршьало ахәмарра. Аӡәы инапҿы аҳәаса-какалқәа ааникылоит, егьи (ма егьырҭ) уи инапаҿы заҟа икыу рхәыцроуп. Ииашан аҭак ҟазҵаз иахь ииасуеит аҳәаса-какал, уи даҽа ҳәасақәак нашьҭԥааны, иҭаҷкәым хәыҷқәа раҵәаны иҩызцәа дынрыдгылоит: "ҳәаса-какал" ҳәа, "ҩ-какалк"(ма х-какалк уб.иҵ.) ҳәа егьырҭ аҭак ҟарҵоит.
Ари ахәмарра иунарбоит ахәыҷқәа, адуцәа реиԥш, иаарыкәыршан иҟаз, аԥсабара ирнаҭоз хархәара шазыруаз.
Детская игра цици-куакуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2021
"Чабракаршә", "Ҵи-ҵи, кәа-кәа": ахәыҷыхәмаррақәа рхархәашьа иаци иахьеи
Ажәабжьқәа зегьы
0