Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гергьиаԥҳа: COVID ашьҭахь алаборант иус даҽакала иахәаԥшуеит ҳәа сгәы иаанагоит

Гергьиаԥҳа: COVID ашьҭахь алаборант иус даҽакала иахәаԥшуеит ҳәа сгәы иаанагоит
Анапаҵаҩра
Очамчыратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым-алаборант Снежана Гергьиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы амедицина аузуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа аҽны илгәалалыршәеит апандемиа раԥхьатәи амшқәа, еиҭалҳәеит уи аамҭаз русура шеиҿкааз, насгьы COVID дшаԥсахыз.
15 шықәса амедицинаҿы аус зуа Снежана Гергьиаԥҳа илҳәеит аҵыхәтәантәи ҩышақәса даара ихьанҭаны ишырхыргаз.
"Уаназхәыцлак, излаҳхаҳге уҳәартә иҟоуп. Еибашьрак ҳахысызшәа зегьы ҳҽеидкыланы аус ҳамузҭгьы, иахьа иҳамоу алҵшәа ҳмоургьы ҟалон. Раԥхьа апандемиа алагеит ҳәа анҳарҳәа, ҳгәы хыҭхыҭуа иҟаҳҵо ҳақәымшәо ҳақәхеит. Ауаа рацәан, аусутә рацәан, иҳалшоз зегьы ҟаҳҵон. Абжьааԥны мышкы 20-ҩык рҟынӡа иааиуазҭгьы, апандемиа аамҭазы 60-80-ҩык ааиуан. Аӡәы 10 рҟныӡа анализ аиҭар алшон. Аӡәгьы усда дтәаӡамызт, ҵхыбжьонынӡа ҳанаанхоз ыҟан", - ҳәа азгәелҭеит Снежана аиҿцәажәараҿы.
Лара лгәаанагарала апандемианахыс алаборант иус даҽаганкахьала иахәаԥшуеит, избанзар, анализ аҳақьым иусураҿы зегьы ирыцкуп, уи иаанаго, ҵакыс иамоу атәы еиҳагьы инарҵауланы иазхәыцратә иҟоуп, ҳәа азгәалҭеит Гергьиԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0