Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Очамчыратәи амшын баӷәаза аусушьа гәеиҭеит

© Foto / официальный сайт Президента Республики Абхазия В рамках рабочей поездки в Восточную Абхазию Президент Аслан Бжания посетил морской порт Очамчыра.
В рамках рабочей поездки в Восточную Абхазию Президент Аслан Бжания посетил морской порт Очамчыра. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла мрагыларатәи ахәҭахьы иусуратә гәаҭарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны даҭааит Очамчыра амшын баӷәаза, абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.
Бжьаниа игәеиҭеит абаӷәаза аидарақәҵарҭа терминал, иара убас акамшьиа аус аиҭаусадулареи иҩоу аргыларатә еилаԥсақәа рҭыжьреи ирызку азауадқәа.
Ахада иныҟәарақәа раан ицын Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов, АШәА ахантәаҩы Роберт Киут, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа.
Президент Абхазии, Главнокомандующий Вооруженными силами Аслан Бжания посетил объекты военной инфраструктуры - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2022
Аԥсны
Бжьаниа Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу арратә обиектқәа дырҭааны игәеиҭеит
Лаҵарамзазы Аԥсны аԥыза-министр Очамчыратәи амшын баӷәаза аушьҭралшареи уи аграждантә статус аҟынтәи ҩ-хырхарҭак змоу астатус аҭара алыршареи ирызкыз аилацәажәара мҩаԥигеит. Уи аихшьалақәа атәыла ахада идыргалар акәын.
Очамчыратәи абаӷәазаҿы игылоуп Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа ахьчаратә шхәақәа, иара убас идгылоит аҭырқәа еидарамҩангагатә ӷбақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0