Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла алаларазы ареферендум даҽа лкааҿыцк анаҭоит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПятая годовщина трагических событий в Южной Осетии
Пятая годовщина трагических событий в Южной Осетии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2022
Анапаҵаҩра
Рашәара 14-15 рзы Москва имҩаԥысит Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи ԥхьаҟатәи реизыҟазаашьақәа рзы аилацәажәарақәа.
АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла алаларазы ареферендум аҽа еилкаарак анаҭоит ҳәа лҳәеит ареспублика АКХ ахада Емилиа Гагиева Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи аганқәа реицәажәара ашьҭахь имҩаԥгаз апресс-конференциаҿ.

"Москватәи аилацәажәарақәа реихшьаалақәа рыла ареферендум азҵааразы аусурақәа ҳаԥхьа ишьҭоуп, Урыстәылатәи афедерациа иаднакылаша алкааҟаҵара ашьаҭала. АКХ ахь абри азы иахәҭаны иҟоу ашәҟәқәа шынашьҭхалак еиԥш ҳара аусура ҳалагоит", - лҳәеит лара.

Кремль Цхинвал ааԥхьара анаҭеит ареферендум азы азҵаара азиншьаҭа азхәыцразы, избанзар "Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи реидылара" ҳәа иҟоу еилахәоуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
Уаанӡа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев ареферендум азы лаҵарамзатәи аусԥҟа амчра никылеит Москвеи Цхинвали рыбжьара аилацәажәарақәа мҩаԥгахаанӡа ҳәа. Ашәҟәы инақәыршәаны аплебисцит ԥхынгәы 17 азы имҩаԥгахоит.
Аҩаша Гаглоев иҳәеит урыстәылатәи рколлегацәеи дареи ареспублика Урыстәыла алаларазы ауснагӡа аус шадыруылаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0