Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акциа "Агәалашәара ацәашьы" мҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналагаз амш аламҭалазы

© SputnikАкция "Свеча памяти" состоялась у памятника Неизвестному солдату в Сухуме
Акция Свеча памяти состоялась у памятника Неизвестному солдату в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2022
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналагаз амш 81 шықәса аҵра инамаданы Аҟәа имҩаԥыргеит Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ргәаларшәаразы акциа.
АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik. Акциа "Агәалашәара ацәашьы" мҩаԥысит аҩаша рашәара 21 азы Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа Алахьеиқәреи агәалашәареи амш аламҭалазы.
Акциа алахәылацәа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа агвоздика шәҭқәа шьҭарҵеит, анаҩс Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз рыхьӡала иадыркит ацәашьқәа.
Агәаларшәаратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа, Москва Аҩны, Россотрудничества, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи, Аԥсны Ауаажәларратә палата, Аԥсны ар аррамаҵзурауаа.

"Ари зегь раасҭа игәымбылџьбараз еибашьран. Араҟа иҭахеит миллионҩыла ауааԥсыра. Аԥснынтәи еибашьра ицаз 55 нызқьҩык инареиҳаны 18 нызқьҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәӡеит. Ари даара игәыхьуп, ишәарҭоуп, сара сгәы иаанагоит Алахьеиқәреи агәалашәареи амш азы ари хымԥада иаҳгәалаҳршәароуп", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничества анапхгаҩ ҿыц Дмитри Федотов.

Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит Аҟәа иҟоу Аурыс Ҩны, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа, Аҟәа ақалақь ахадара, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи.
Рашәара 22 1941 шықәсазы афашист Германиа Асовет Еидгыла дақәлеит - иалагеит Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду. Афронтқәа рыҟны еибашьуан 55,5 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рахьынтә 17 нызқьҩык инареиҳаны рыҩныҟақәа изыхнымҳәӡеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0